Асанкциақәа ирыҵанакыз аԥсуа депутат Арӡынба Порошенко аҭак ииҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдепутат Алмасхан Арӡынба
Адепутат Алмасхан Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина 294 иуристтәи 848 хазхаҿи рганахьала асанкциақәа аланагалеит. Абри асиахь иаҵанакит Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы наԥшҩыс иҟақәаз Аԥсны атәылауаа хҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Асанкциатә сиахь иаҵанакыз Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Алмасхан Арӡынба Facebook аҟны исоциалтә даҟьаҿы  Украина ахада Пиотр Порошенко Иусԥҟа ахҳәаа аиҭеит.

"Сара Украина абизнес сымам, абанкқәа рҿы аԥхьаӡамҭа сзаартым, уи акәым, Киев зныкгьы сымнеиц, уи гәахәарала саҭаар шысҭахугьы. Убри аан Порошенко Киев сбанктә ԥхьаӡамҭақәа ааирԥшызар, уа иҭоу аԥарақәа иалхратә кампаниа изалазгалоит", - иҩуеит Арӡынба.

Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟалаз ахҭыс ахҳәаа анаҭеит:

"Иумбарц залшом Украина лассы имҩаԥысраны иҟоу атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьаз агәҭынчымра шрыҵоу. Украина аполитикатә дивидендқәа аиурц, ареитинг еизнарҳарц аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит, убри аан Донбасс ауаажәлар ргәаанагареи урҭ рекономикатә ҭагылазаашьеи иазхьаԥшуам", - аҳәоит аминистрра адырраҭараҿы.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахыбра - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР Украина ҳтәылауаа ирзыҟанаҵаз асанкциақәа ахҳәаа рынаҭеит

Уаанӡа асанкциатә сиа иаҵанакыз Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа аҳәамҭа ҟаиҵахьан:

"Ганкахьала, агәахәара ҳнаҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә мчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рмаҵзурақәа адокумент аҟны официалла иахьарбаз. Жәларбжьаратәи аҵакы арҭеит ҳәа ҳҳәаргьы ауеит. Егьи аганахьала, усеиԥш егьа ҳхаагахьеит. Аригьы ҳхаагап. Украинеи ҳареи абизнестә еизыҟазаашьа ҳамам, Украина афинанстә активқәа ҳзышьҭам. Алхрақәа рахь инаԥхьаз аԥсуа делегациа Донбасс аҟазаара Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа еиларымгеит. Аҳәаа ахысраан ҳашәҟәқәа рҿы иарбан Урыстәылантәи Украина аҵакыра ҳшалалоз. Аҳәаа ҳахысит ишьақәыргылоу аҭыԥ аҿы", - иҳәеит иара.

Гогьиа Киев иҟанаҵаз асанкциақәа рзы: усеиԥш егьа ҳхаагахьеит

Ахаша, хәажәкыра 20 рзы Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рмаҵзура асанкциақәа аланагалеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынбеи, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олег Аршбеи рганахьала.

Украина 294 иуристтәи 848 хазхаҿи рганахь асанкциақәа аланагалеит.

Украина Аԥсны атәылауаа хҩык рганахь ала асанкциақәа аланагалеит

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0