Даур Ақаҩбеи Сергеи Лавровыи Москва еиқәшәараны иҟоуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДаур Ақаҩбеи Сергеи Лавровы Москва еиқәшәараны иҟоуп
Даур Ақаҩбеи Сергеи Лавровы Москва еиқәшәараны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Даур Ақаҩбеи Сергеи Лавровыи Москва еиқәшәараны иҟоуп мшаԥымза 1 азы. Аиԥылараан изҵаара хаданы иҟалоит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аинырра азҵаара.

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Аԥсныи Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Даур Ақаҩбеи Сергеи Лавровыи Москва еиқәшәараны иҟоуп мшаԥымза 1 азы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аганқәа алацәажәараны иҟоуп Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа арӷәӷәареи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәеи.

Иара убасгьы азхьаԥшра аҭахоит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аинырра азҵаара.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза аахыс. Иахьазы иароуп Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа еидтәаланы еилацәажәар ахьалшо ҭыԥны иҟоу.

Аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Урыстәыла, ЕАШ, ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла рхаҭарнакцәа. Изаамҭанытәиу аиҿцәажәарақәа 47-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса мшаԥы 2-3 рзы.

Даур Ақаҩба Москва диԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров - Sputnik Аҧсны
Лавров: жәларбжьаратәи аренаҟны Аԥсны адгылара ԥхьаҟагьы иаҳҭалоит

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан 2008 шықәса цәыббра 9 рзы, 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь.

Ҩ-ганктәи аусеицура шьаҭаны иамоуп 100 инареиҳаны еиқәышаҳаҭра. Арахь иаҵанакуеит 2008 шықәса цәыббра 17 рзы анапы зҵарҩыз аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса абҵара 24 рзы напы зҵарҩыз аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра.

2017 шықәса мшаԥымза 18-19 рзы Аԥсны даҭааны дыҟан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Уи ара иҟазаараан иаартын Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа. Абри аамҭазы Сергеи Лавров дырԥылеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны аԥыза-министр Беслан Барцыц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0