КВН Аԥсуа премиер-лига афинал мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукКВН Аԥсуа премиер-лига афинал мҩаԥысуеит Аҟәа
КВН Аԥсуа премиер-лига афинал мҩаԥысуеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 29 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит КВН Аԥсуа примиер-лига афинал иазку апресс-конференциа.

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. КВН Аԥсуа премиер-лига афинал мҩаԥысраны иҟоуп Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥымза 1 азы ҳәа иҳәеит апресс-конференциаҿы ашоу апродиусер хада Михаил Гагулиа.

Аҩбатәи аиндаҭлара аихшьаалақәа рыла афинал ахь инеиит акомандақәа рыԥшьбагьы, аха ақәгыларахь инеиуеит х-командак: "Дождевой удар" (Тҟәарчал), ААУ абиолого-географиатәии афизика-математикатәии факультетқәа ркоманда, аерман уаԥшь еизго акоманда "Гумский уезд". Аҭоурыхдырыҩцәеи афилологцәеи ркоманда "Миф" аҽазырхиара иахьымӡеит.

"Акомандақәа аҽазыҟаҵара иаҿуп уахи-ҽни. Ирылшо зегь ҟарҵоит ашықәс аҩныҵҟа рыҩаӡара шыҳаракхаз ахәаԥшыҩцәа иддырбарц", - ҳәа иҳәоит иара.

Михаил Цкәуа иазгәеиҭеит афиналтә концерт азы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуагьы аҭыԥқәа рзы ауадаҩрақәа шыҟоу.

"Акоманда ҿыцқәа рзы ауадаҩра аҵаны иҟоуп рҽахьазыҟарҵаша аҭыԥқәа ахьрымам. Ауниверситет ма ашколтә командақәа аҭыԥ аҿы рҽазыҟарҵар ауазар, ақалақьтәқәа ма аиҿкаарақәа ртәқәа рҽахьазыҟарҵо рымам", - азгәеиҭеит Цкәуа.

КВН Аԥсуа премиер-лига афинал иазку апресс-конференциа мҩаԥысуеит

Михаил Гагулиа иҳәеит акомандақәа шеизҳауа. Иҟоуп аԥеиԥш бзиа ззыԥшу алахәылацәа, аха еицырдыруа, атәыла ахаҭарнакцәас иҟаз акоманда "Нарты из Абхазии" иреиԥшу макьаназы рыӡбахә уҳәартә иҟам.

"Иҟоуп аҿар бзиа. Убас иалукаар ауеит ԥақәашьтәи акоманда. Хәмаррак аҟынтәи аҽа хәмаррак аҟынӡа аизҳара иамҩаны иҟоуп. Ихымԥадатәиуп атәыла анҭыҵ ақәгыларақәа. Насоуп ареспублика еизгоу акоманда атәы ҳалацәажәартә ҳаныҟало", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

КВН Аԥсуа примиер-лига афинал мҩаԥысраны иҟоуп Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥымза 1 азы. Абилеҭқәа афилармониа акассаҿы раахәара ҟалоит.

Цкәуа апремиер-лига афиналтә хәмарразы: алаф рацәахоит

Ажәабжьқәа зегьы
0