Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маршьан Голантәи аҳаракырақәа Трамп иахьазхаиҵаз иазкны: угәы узырхьша жәабжьуп

© Sputnik Томас Тхайцукҳџьынџьуаҩ Шьараф Маршьан
ҳџьынџьуаҩ Шьараф Маршьан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Голантәи аҳаракырақәа рыдгьылҵакыраҿы ииз, Шьамтәыла апарламент изныкымкәа депутатс иалхыз, ҳџьынџьуаҩ Шьараф Маршьан Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Америка ахада Дональд Трамп Голантәи аҳаракырақәа Израиль иатәуп ҳәа адекларациа инапы ахьаҵаҩыз угәы узырхьша ҳтысуп ҳәа.
Маршьан Голантәи аҳаракырақәа Трамп иахьазхаиҵаз азы: угәы узырхьша жәабжьуп

Америка ахада Дональд Трамп Израиль аԥыза–министр Биниамин Нетаниаху иалахәрала Голантәи аҳаракырақәа Израиль ишатәу азы адекларациа напы аҵаиҩит.

"1967 шықәсқәа рзы иҟаз аибашьраҿы Шьамтәыла иамамызт алшара аиааира агара, Израиль усҟан иадгылаз аҳәынҭқаррақәа рацәан. Голантәи аҳаракырақәа адгьылҵакыра Аԥсны абжа аҟара иҟоуп. Америка ирацәаны ахадацәа аман, аха ас еиԥш игәыӷьны аӡәгьы имҳәацызт. Зегьы ирдыруан уи шьала икәабоу шыдгьылу, мчыла ишгоу. Израиль иадкыланы иаман, аха иаҭахыз аилацәажәара акәын, уажәы Трамп даагылан иаб идгьыл акәызшәа, инаган ирыиҭеит. Ари даара угәы узырхьша хҭысуп", - ҳәа азгәеиҭеит Маршьан. 

Трамп официалла Голантәи аҳаракырақәа Израиль иаҵакыроуп ҳәа иазхеиҵеит

Голантәи аҳаракырақәа Шьамтәыла иахәҭакын 1967 шықәса рҟынӡа. Уи ашьҭахь арҭ аҳаракырақәа Израиль анапахьы иаанагахьан, аибашьрақәа ирылҵшәаны. Анаҩс, 1973 шықәсазтәи аидыслара ашьҭахь, еицеиқәшаҳаҭны аҩ-ҳәынҭқаррак рарбџьармчқәагьы алыргахьан. 1974 шықәсазы ЕАР аҭынчреиқәырхаратә ар алагалан. 2013 шықәсазы атеррористцәа аналала ашьҭахь, ЕАР рымчқәа арҭ адгьылқәа рҟынтәи иқәыргеит. 2018 шықәсазы Шьамтәыла Израиль иазааигәоу апровинциа Ель-Кунеитра анапахьы иаанагеит. Убри ашықәсазы ЕАР аҭынчреиқәырхаҩцәа ҩаԥхьа ари азона ахылаԥшра иалагеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0