НАТО аӷбақәа хԥа Амшынеиқәа акваториахь иҭалеит

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
НАТО аӷбақәа хԥа Амшынеиқәа акваториахь иҭалеит украинатәии қырҭтәылатәии амшынуаа аҽазыҟаҵарақәа рыцымҩаԥыргарц.

АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Нидерланды арра-мшынтә мчрақәа иртәу аесминец "Эвертсен", канадатәи афрегат "Торонто", испаниатәи афрегат "Санта Мария" хәажәкыра 28 рзы Амшынеиқәа акваториахь иҭалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Дара мҩаԥнагон ҭырқәтәылатәи афрегат "Гелиболу". Уи адагьы франциатәи атанкер "Вар" Сҭампылҟа инеиит аибашьыга ӷбақәа ирыцны, аха Амшынеиқәахь иҭамлеит.

Аӷбақәа имҩаԥыргараны иҟоуп аоперациа Sea Shield ("Морской щит") украинатәи қырҭтәылатәи амшынуаа алархәны.

1936 шықәсазтәи жәларбжьаратәи Монтретәи аконвенциа инақәыршәаны Амшынеиқәа аҳәынҭқаррақәа иртәым аибашьыгаӷбақәа ара рыҟазаара ԥкуп 21 мшы рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0