Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жорданиа "Ҳаџьы-Мураҭ" азы: адунеи иакәыршазар цәгьам ҳәа ахәшьара арҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДжамбул Жордания
Джамбул Жордания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Исканедр ихьӡ зху Аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Саранск имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль аҟны аспектакль "Ҳаџьы- Мураҭ" шрыдыркылаз.
Жорданиа "Ҳаџьы-Мураҭ" азы: адунеи зегь иакәыршазар цәгьам ҳәа ахәшьара арҭеит

Мордовиа аҳҭнықалақь Саранск хәажәкыра 29 инаркны мшаԥы 4-нӡа имҩаԥысуеит аурыс драматә театрқәа а-ХIV-тәи Жәларбжьаратәи рфестиваль. Уи аартын Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аспектакль "Ҳаџьы- Мураҭ" ала.

"Аспектакль  еиҳараӡак пластикатә бызшәала еиҿкаауп, убри аҟынтәи ашәарагьы ыҟан ишԥарыдыркыло ҳәа. Насгьы аповест аҟны ахы инаркны аҵыхәанӡа аҭоурых шаҳәо  еиԥш ус иубо иҟаӡам. Еиҳаркгьы ауаҩы иҩныҵҟатәи ихьаа, ихәыцрақәа аарԥшыртә еиҿкаауп аспектакль. Ҳәарада, афестиваль шрыдыркылоз ҳаздыруамызт. Шьҭа 14 шықәса ҵуеит Мордовиа аҳәаанырцә иҟоу урысшәала ицәажәо атеатрқәа еибабарц абас еиԥш афестиваль еиҿыркаауеижьҭеи. Даара аҵакы змоу усмҩаԥгатәуп, иалахәын Латвиа, Казахстан, убасгьы Венгриа, Германиа рҟынтәи атеатрқәа, аха ҳара урҭ ҳақәымшәаӡеит, избанзар афестиваль аартны адырҩаҽны аҩныҟа ҳдәықәлеит. Ахәаԥшцәа ахы инаркны аҵыхәанӡа рыԥсы ӡаны итәан. Ақәыргыламҭа ахыркәшамҭаз, убас еиԥш иҟоуп аԥса адашьма ианықәркшо, убраанӡа иргәаԥхо иргәамԥхо ҳзеилкаауамызт, убасҟан ирзымчҳакәа анапеинҟьара ӷәӷәа ҟарҵеит. Аспектакль ахыркәшамҭаз игыланы зегьы рнапы еинырҟьон. Афестиваль аиҿкааҩцәа ирҳәеит 14 шықәса уи мҩаԥыргоижьҭеи ауаа гыланы убас рнапы еинырҟьо иҟамлацызт ҳәа. Москвантәи иҟан даара пату зқәу ԥшьҩык атеатртә критикцәа, урҭ, ҳәарада, иҳарҳәеит ҳагхақәагьы, аха иазгәарҭеит ас еиԥш аспектакль ауаа идырбалатәуп Урыстәыла ахыи-аҵыхәеи акәымкәа, адунеи зегьы иакәыршазар цәгьаӡам ҳәа", - иҳәеит Жорданиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0