Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа: Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Ҭырқәтәыла инхо рыуаажәлар рбааит, ирацәажәааит

© Sputnik Сонер Гогәуа
Сонер Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаԥхьа ишьҭоу Аԥсны ахада иалхрақәа аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа ралархәра қьарс иалоузеи, хықәкыла Ҭырқәтәыла уаанӡагьы имҩаԥыргахьоу абжьыҭира хымԥадатәиума? Абри азҵааразы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа.
Гогәуа: Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Ҭырқәтәыла инхо рыуаажәлар рбааит, ирацәажәааит

"Жәытә аахыс ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны инхо ажәлар ринтересқәа рыхьчара иаҿуп. Иҟалахьама аҵыхәтәантәи 25 шықәса рыҩнуҵҟа Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора мамзаргьы даҽаџьара инхо Аԥсны аҭахрақәа ирықәымшәо акы рҳәоны, акыр ҟарҵоны? Мҽхакы ҭбаала, ауаа рацәа ықәгыланы Аԥсны аинтересқәа ирԥырхагоу иахьанӡа иҟарымҵацт, аԥхьаҟагьы убас. Иахьа алхрақәа раан акандидатцәа Аԥсны ахы-аҵыхәа ицаны ажәлар ирацәажәоит, ргәаанагара рарҳәарц, уи аҩыза апропаганда Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар рҿгьы иҟарҵааит.

Иахьа Ҭырқәтәыла инхо хәышә нызқьҩык рҟынӡа ҳауаажәлар алхрақәа рҟны рыбжьы рҭииртә алшара ыҟаӡам, апаспорт змоу роуп. Урҭ иахьазы хәышәҩык рҟынӡа роуп иҟоу, Аԥсны имҩаԥысуа аполитика бзианы издыруа, арахь иаало ауаа роуп. Ибзианы ижәдыруеит ааигәа атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра шымҩаԥысыз. Апаспорт ҿыцқәа згаз Ҭырқәтәылантәи иаауа, агәыбылра ду змоу ауаа роуп. Хәышықәса рахьынтә знык акандидатцәа цаны рдиаспора рбааит, ирацәажәааит. Иахьа ҳауаажәлар амотивациа ду рымоуп, алхрақәа аныҳәеиԥш имҩаԥыргыр рҭахуп", - азгәеиҭеит Гогәуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0