Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Табаӷәуа еиҭеиҳәеит Аԥсны анҭыҵ алхратә ҭыԥқәа реиҿкаара дзақәшаҳаҭым

© Sputnik / Томас ТхайцукБаҭал Табаӷәуа
Баҭал Табаӷәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепуат Баҭал Табаӷәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рықәыргылареи абжьыҭара шымҩаԥысуеи ртәы, иара убасгьы аҳәаанырцә алхратә ҭыԥқәа реиҿкаара дзақәшаҳаҭым.
Табаӷәуа еиҭеиҳәеит Аԥсны анҭыҵ алхратә ҭыԥқәа реиҿкаара дзақәшаҳаҭым

"Азакәан инақәыршәаны алхрақәа ҩымз шрыбжьоу ашәҟәқәа ралаҵара иалагоит. Уи азы ҩ-нызқьи хәышә напынҵа аагатәуп Аԥсны иқәынхо ҳауаажәлар рҟынтәи, мамзаргьы ареспубликатә партиа ахьӡала дықәдыргылароуп акандидат. Ақьаадқәа ралаҵара анаҩс имҩаԥысуеит аԥсуа бызшәазы аԥышәарақәа. Акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит алхракәа ҩажәамш шрыбжьоу", -иҳәеит Табаӷәуа.

Адепутат убасгьы еиҭеиҳәеит абжьыҭараан уажәшьҭа алхыҩцәа рнацәкьыс аҵәаӷәара шыҟамло, абжьыҭаратә бӷьыц аҟны абжьы зырҭо ижәла аган аҿы адырга шықәдыргыло, ишырымҵәаӷәо, алхыҩцәа ртәылауаҩшәҟәқәа рҟны абжьаҭара ишалахәыз зыршаҳаҭуа адырга шықәдыргыло.

Табаӷәуа убасгьы иҳәеит ажәалагала ҟаиҵарц игәы ишҭоу атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны Аԥсны ахада иалхрақәа рзы абжьыҭарақәа мҩаԥымсларц.

"Хәышықәса рахьынтә знык имҩаԥысуеит Аԥсны ахада иалхрақәа. Сгәаанагарала, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы змоу хәышықәса рахьынтә знык иҳәынҭқаррахь даар ауп. Иҟоуп атәылақәа умнеир ахьыҟамло абжьыҭарақәа рахь, ҳара ус еиԥш азакәан ҳамаӡам, аха хәышықәса рахьынтә знык уҳәынҭқаррахь унеироуп. Иахьатәи аҭагылазаашьа шыҟоу ала, аекономика аганахьала алхрақәа рымҩаԥгара имаҷны иаԥсаӡам. Иара убасгьы иахьа еилкааны иҳамаӡам Аԥсны алхрақәа рылахәра азин змоу атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны шаҟаҩы нхо. Аԥхьаҟа ҳҭагылазаашьа убас иҟалар алшоит, Аԥсны ахада араҟа инхо ракәымкәа, анҭыҵ иҟоу далырхуа. Атәым ҳәынҭқарраҟны утәаны утәыла ахада далухуеит, аха дзакәу уздырӡом. Убри ԥыҭрак ашьҭахь ипроблеманы иҟалар ауеит", -иҳәеит Табаӷәуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0