Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷыԥҳа: ацхыраара аҟаҵара алагара иаԥсам-ауаҩы ихы дақәымгәыӷуазар

© Sputnik / Илона ХварцкияИндира Амичба
Индира Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АҶА амедицинатә иеиҳәшьа Индира Амҷыԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит раԥхьатәи ацхыраара ииашан аҟаҵара иахьынӡахымԥадатәиу.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Амҷыԥҳа раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара иазкны

"Дарбанзаалакгьы ауаҩы идыруазароуп раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы адыррақәа, аха уи адагьы дымшәозароуп. Ауаҩы ихы дақәымгәыӷуазар, ацхыраара иҭара алагара иаԥсам ҳәа исыԥхьаӡоит. Усҟан еиӷьуп ацхыраара ласы, мамзаргьы аиқәырхацәа дрыԥхьар. Ауаҩы амҩатә машәыр иахҭыгәлаз идыруазароуп ацхыраара зҭаху абаҩԥҵәа илазар шалшо, ашьа рацәаны ицәцар ҟалоит, уи аанкылашьа удыруазароуп. Зыԥсы маҷхан икаҳаз ауаҩы, иаҳҳәап, аепилепсиа зманы, усҟан уи дгәасҭаз иаразнак иҿы еихыхны ибыз ҭаҳгандаз ҳәа иҭалоит, аха раԥхьа иргыланы икаҳаз ауаҩы ушьамхышгылан ихы шьҭухыр ауп, ҩминуҭк рыла ихгоит, нас ауп ганха даарҳәны иҿаҿы еизаз ижьцәа, ашьаршәы анкаиҭәаша", - ҳәа азгәалҭеит Амҷыԥҳа.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0