Латариа Анцәаныҳәаразы: арыжәтә зцым ныҳәара ӷәӷәоуп
"Ишдыру еиԥш аԥсуаа ҳныҳәагатәқәа зегьы аиҳарак ианыҟарҵо ааԥыни, ҽаҩраҭагалани, аӡыни ауп. Избанзар, аԥсуа ахаан аԥхын, ашоура аныҟоу, аԥхӡы иҿыкәкәа дныҳәо иҟаӡамызт. Анцәаныҳәара- аныҳәарақәа зегьы иаарылукаартә иҟоу ауп, уи ажәла зегьы иртәуп. Ажәла иаҵкару, дахьынхозаалакгьы, дахьыҟазаалакгьы, дзеиԥшразаалакгьы абри аныҳәагатә саҵагылар сҭахуп иҳәар дрыдыркылароуп. Избанзар, ари ажәла зегьы иатәуп. Уи ауп аныҳәараан ауаа рацәа зеизо. Арыжәтә ыҟаӡам, аҳаԥшьа ацӡам, ари инеиҵыху ныҳәара ӷәӷәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Латариа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.