Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳаџьымба Гәылрыԥшьтәи агәамсамтә полигон иазкны
"Кацикыҭ ақыҭан иалхны иҟоуп аҭыԥ, аполигон ахьыргылахо. Агәамсам иара ус еиқәыжәны акәымкәа, ишахәҭоу еиԥш, еилыхны. Аҳабла ауааԥсыра ас еиԥш аӡбамҭа атәы анраҳа, ари аус иаҿагылеит, дара иахьа Алашарбага аҳаблаҿ иҟоу аҭагылазаашьа еиԥш Гәылрыԥшьгьы иҟалар ҳәа ишәоит. Араион ахадара ақыҭахь инеины, ауааԥсыра ирацәажәеит. Араион ахадара рхахьы иргеит аполигон анормативқәа зегьы ирықәшәо аргыларазы аус хылаԥшра аҭара, ус еиԥш ианыҟала аргыларақәа ишырԥырхагамхо. Гәылрыԥшь ауааԥсыра адырра ҟарҵеит агәамсам кажьырҭазы аҭыԥ ҿыц аҟаҵаразы аусурақәа зегьы ишахәҭоу иҟарымҵакәа машьынак агәамсам ақәыжьны уахь инеираны ишыҟам", - азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.