Акультура аминистр Аԥсны амузеиқәа акциа "Амузеиаҿ аҵх" иадлыԥхьалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи акциа "Амузеиаҿ аҵх" Аԥсны имҩаԥысуеит мшаԥы 18 рзы, хәынтәны.

АҞӘА, мшаԥы 18– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Аԥсны амузеиқәа акциа "Амузеиаҿ аҵх" иадлыԥхьалеит Аԥсуа телерадиоеилахәыра аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаан. Акциа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 18 рзы.

"Аԥсны иҟоу амузеиқәа зегьы рахь ааԥхьара ҟасҵоит акциа рҽаладырхәразы. Ауснагӡатә иахықәку изҭаху зегьы ашәқәа рзаартроуп. Ҳара аинформациатә цхыраара ҟаҳҵоит", - ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.

"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь анеира хәыда-ԥсадоуп.

Аҿар амузеиқәа радԥхьаларазы еиуеиԥшым амузеиқәа ирӡбоит иформалтәым аусмҩаԥгатәқәагьы дырбара. Аԥсны ари аҩыза акциа иадгылеит 2015 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иҟанаҵаз аԥшьгамҭала.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0