Аконституциатә ӡбарҭа адепутатцәа мап рыцәнакит ахада инапынҵақәа реиҭахәаԥшразы

© SputnikАԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара гәыԥҩык адепутатцәа ажәалагала ҟарҵеит атәыла Апрокурор хада иаҭареи иамхреи рыԥҟара аԥсахрақәа ралагаларазы. Азыҳәа нашьҭын Аконституциатә ӡбарҭахь хәажәкыра 12 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара гәыԥҩык адепутатцәа атәыла ахада инапынҵақәа реиҭакразы ражәалагала Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа Аконституциа иақәшәом ҳәа иаԥхьаӡеит. Абри атәы аанацҳауеит Аконституциатә ӡбарҭа асаит.

Адепутатцәа ргәаанагарала, иахьа аус зуа атәыла ахада иаҭареи иамхреи апроцедура абри аҭыԥ иахагылоу ауаҩы анагӡаратә мчра дахьыԥшны дҟарҵоит. Ари, ҳәарада, уи инапы иану аусқәа рынагӡараан иобиективтә знеишьа иаԥырхагоуп. Апрокуратура аусбарҭақәа анагӡаратә мчра де-факто ирыхәҭакны иҟанаҵоит ҳәа агәаанагара рымоуп адепутатцәа.

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа азҵаара асеиԥш ақәыргылара азиншьаҭа амам ҳәа иаԥхьаӡеит. Аконституциатә ӡбарҭа Апрокурор хада ихьӡ атәыла ахада Апарламент иадигалоит, нас Жәлар Реизара ауп уи имаҵзура дазҭои дамызхуеи ҳәа алкаақәа ҟазҵо.

"Атәыла ахада изинмчрақәа акыр иԥкуп, избанзар иара Апарламент иадигалаз ахаҿы иганахьала аҵыхәтәантәи ажәа змоу Жәлар Реизара ауп. Ари ишьақәнарӷәӷәоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәынҭқарратә мчра азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи системақәа ҳәа аихшара апринцип, иаанарԥшуеит урҭ хаз-хазы ишьақәгыланы ишыҟоу", - аҳәоит Аконституциатә ӡбарҭа алкаақәа рҿы.

Аусбарҭа адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Аконституциатә ӡбарҭа аӡбамҭа шҵыхәтәантәиу, аиҭахәаԥшра шзалымшо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0