Џьынџьалԥҳа Басиаҭ Џьынџьал изы: аџьамыӷәацәгьа ихганы, иҵәҩаншьап Аԥсны иаирсит

© Foto / предоставлено Амрой АджинджалАмра Аџьынџьал
Амра Аџьынџьал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио аԥсуа редакциа аиҳабы Амра Аџьынџьал Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа илзеиҭалҳәеит амҳаџьырра Ҭырқәтәылаҟа иагаз, аха Аԥсныҟа ахынҳәра зылзыршаз, Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳаблан инхо Џьынџьалаа зхылҵшьҭроу Басиаҭ Џьынџьал ифырхаҵаратә ҭоурых.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Амра, Басиаҭ Џьынџьал идҳәалоу ажәабжь ҳзеиҭабҳәар", - ҳәа ҳахьааидтәало лассы-лассы ҳлыҳәалоит зыӡбахә ҳамоу афырхаҵа хылҵшьҭрала изааигәоу ҳҩыза Амра Аџьынџьал. Аҭоурых, аԥсуара, аҵасқәа-ақьабзқәа, аныҳәарақәа уҳәа ирыдҳәалоу ажәабжьқәа еснагь дрызҿлымҳауп лара, урҭ аԥсы рхаҵаны узнагашьагьы шьахәла дақәшәоит. Журналистк лаҳасабала, Аԥсуа телехәаԥшреи, арадиои, акьыԥхьи рҟны имаҷым урҭ ирзылкхьоу адырраҭарақәа, дзыҿцәажәахьоу ауаа, иҭылҵаахьоу аҭоурых. Уажәы, ҳаиасып амҳаџьырра аамҭа аӡыблара иалашәаз, аха уи алҵра зылзыршаз Басиаҭ Џьынџьал ифырхаҵаратә мҩа.

- Абшьҭрала ҳара Далтәқәоуп. Аԥсны ҭазырцәыз аҵыхәтәантәи амҳаџьырра ашықәсқәа рзы иқәыԥшыз, зани заби ԥсхьаз Басиаҭ Џьынџьал, Далаа ахыганы ианыргоз, иареи, иашьеиҵби, иаҳәшьцәа хҩыки ргагәышьеит. Басиаҭ дуаҩасан, аха ӷәӷәакы, ԥшӡакы иакәын. Иаҳәшьцәа ракәзаргьы, рыхцәқәа иршьаҳауа, рыԥшра-рсахьазы уаҩы илаԥш рыдхаларатәы иҟақәаз ракәын, - ҳәа азгәалҭоит Амра Аџьынџьал.

Ахҵәара иақәшәаз аԥсуаа аҭырқәа идгьыл ршьапы анықәдыргыла нахыс, мчыс ирымагәышьааз, амлакра, агәаҟра, агәырҩа иналагылеит. Мчыбжьқәак рнаҩс, Басиаҭ иаҳәшьеиҳаб ҭырқәа малуаҩык даалаԥшықәиҵан, иашьеи иареи шыӷьаҵәыӷьаҵәуаз, дрымкәкәааны дырцәигеит.

Еқрем Хышба: апҟақәа аниасуаз, зыла иамбоз санду аҵәыуара далагон

- Аишьцәа ари хьымӡӷыс иршьеит, илышьҭалеит. Аха, акыраамҭа дырзыԥшаауамызт дахьагаз. Аишьцәа аҩыџьагьы хԥаҟа мзы илышьҭан. Нас, дара раԥхьа Аԥснынтә уахь инанагахьаз аԥсыуак дрыцхраан, еилыркааит, раҳәшьа дахьыҟаз. Тәамбашақә заҳәшьа дызцәыргаз Басиаҭ иашьеи иареи ари ус инырмыжьӡеит. Ирулакгьы, аҭырқәа дицәӡаны, Аԥсныҟа амҩа иқәларц абжьыргеит, - лҳәоит Амра.

Ишырҳәаз еиԥшҵәҟьа егьыҟарҵеит. Зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иаргәаҟуаз џьоуки дареи абџьар ԥшааны, ҭырқәа уаҷарк инаиқәланы, имаҷымкәа ахьы ргеит. Ақәылараан Басиаҭ иашьеиҵбы Ҳақы ӷәӷәала дырхәит. Аԥсра иаҿыз Ҳақы Басиаҭ диҳәеит 40 мшы ицәымза цәашьы аиркларц. Басиаҭ имаз ахьала илшеит иаҳәшьцәа рыҵәахра. Иаргьы, иашьа даныԥсы, анышә дахьамадаз азааигәара иҽыԥхьакны, иашьа иуасиаҭ наигӡеит.

Кәыдрытәи аиҩхаа - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых аӡеибафара

- 40 мшы рнаҩс, Басиаҭ иаҳәшьцәа иманы, Баҭымҟа иаауаз ӷбак аҿы иаанханы имаз ахьы нарыҭаны, дгьежьуеит иабацәа рыдгьыл ахь Далҟа. Дахьааиз, рыҩнқәа рбылхьан, ҿыц анхара далагар акәхеит. Игәы каршәны сынхоит ҳәа дналагоны еиԥш, иаҳәшьеиҵбы илышьҭалаз ашәаныуеи иареи ажәақәа ааимаркын, ашәаныуа дышьны, иаҳәшьцәа иманы деиҭабналеит, - аҭоурых дазааҭгылоит Амра Аџьынџьал.

Зтәык иамуӡаз Басиаҭ иаҳәшьцәа рыҵәахра дахьӡагәышьеит. Аха иара дыкны дҭаркит. Данҭаркуаз, ашәҟәы иҭагаларазы "иухьӡузеи, иужәлоузеи?" ҳәа ианиазҵаа, аурысшәа усгьы издырӡомызт, "Џьынџьал Басиаҭ" ҳәа ихьӡи ижәлеи неиԥшьны инареиҳәеит. Даргьы ус инеиԥшьны ижәлоуп ҳәа инанырҵеит. Нас, иухьӡузеи ҳәа ианиазҵаа, "Салгеит" - ҳәа иааркьаҿны аҭак нараҭеикит. Аҭырџьмангьы уи неиҭаганы инареиҳәан, ишиҳәаз еиԥш инанырҵеит.

Амбара - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа ахынҳәразы...

- Данҭарк ашьҭахь мчыбжьык аҟара ааҵхьан еиԥш, аурыс еинрал гәаҭаҩык иҭакыз рсиақәа дрыхәаԥшуа, иҭиҵаауа дшааиуаз, "Џьынџьал Басиаҭ Кончил" ҳәа ишаныз ибеит. "Ари иҿҳәара далгахьеит, дызҭакузеи?" - ҳәа дауишьҭит. Иԥсы аниоу, иаҳәшьцәа иманы, абжьыуаа рахь ихы ирхеит. Абас ауп ишиз иахьа ажәлар лафшақәны "Џьынџьал Басиаҭ Салгеит" ҳәа ирҿоу аҳәамҭа, - лажәа иацылҵоит Џьынџьалԥҳа.

Абас, Џьынџьал Басиаҭ, аџьамыӷәа цәгьа ихганы, даанагеит Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла ҳәа иахьашьҭоу. Аимара усҟан ҳабламызт, қыҭа дуун, иҭырҭәаа инхон-инҵуан. Басиаҭ уа инхоз Џьапуаа дрыҳәеит дахьықәынхашаз дгьыл хәыҷык ирҭарц. Даргьы ааилацәажәақәан, нхарҭаҭыԥс адгьыл алхны ирҭеит. Дал иааӡаз аԥсуа ҷкәын, згәы бзиаз, агәаҟра иаӡрыжәхьаз, хаҵара згымыз, анхара нап аиркит.

© Foto / предоставлено Амрой АджинджалҶлоу ақыҭа Аимара аҳабла игылоу Џьынџьалаа рыҩны
Џьынџьалԥҳа Басиаҭ Џьынџьал изы: аџьамыӷәацәгьа ихганы, иҵәҩаншьап Аԥсны иаирсит - Sputnik Аҧсны
Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла игылоу Џьынџьалаа рыҩны

Ихаану изларҳәо ала, шықәсык ҩынтә-хынтә иаанда днаханы иҟаиҵозаарын, инхарҭа ҭыԥ ирҭбаарц азы.- Ашәыр баҳча ҟаиҵон. Дахьықәынхоз ахәы зегьы баҳчароуп уажәгьы. Басиаҭ нхара-нҵырала иҽанааибиҭа, Џьапуаа раҳәшьа, Анцәа хша ҳәа ззырҳәоз Ҳамида ԥҳәысс дигеит. Басиаҭ даара зҿаԥыц ӷәӷәаз, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз иакәын, дныҟәаҩын, ашәарыцара бзиа ибон, ихы аказы илаирҟәуамызт, - лҳәоит Амра Аџьынџьал.

Басиаҭ Џьынџьал ақәра ду ниҵит, ихылҵит хҩык аԥацәа: Дадын, Алықьса, Кәарсантел. Иаҳәшьцәагьы акыр амыҟәмабарақәа ирықәшәазаргьы, араҟа иахьааиз, аҭаацәарақәа ирылалеит. Басиаҭ ихылҵшьҭра роуп Ҷлоу ақыҭа инхо Џьынџьалаа.

Ҳаири Қәҭарба: сыԥхыӡ лабҿабахеит, сыԥсадгьыл Аԥсны сынхоит>>

Ажәабжьқәа зегьы
0