Ҳаири Қәҭарба: сыԥхыӡ лабҿабахеит, сыԥсадгьыл Аԥсны сынхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаири Қәҭарба
Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵыз рхылҵшьҭрақәа иреиуоу, жәа-шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз, ҭырқәшәала иҩуа аԥсуа шәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба иҭоурых дазыыҭгылоит Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

Аԥсны иазкыз ажәабжьқәеи алакәқәеи 

Мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхоз аԥсуаа егьырҭ аедыгь хылҵшьҭрақәеи рзы рыцҳара дуны ирзыҟалеит 1877-78- тәи ашықәсқәа. Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа иқәынхоз аԥсуааи аедыгьцәеи ахҵәара иақәшәеит. Абасала XIX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы рыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәыла иқәнагалеит аԥсуаа.

XIX ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы ахҵәара иақәшәаны Акаԥа ақыҭантәи (иахьа Аҟәа араион) Ҭырқәтәыла иӡхыҵыз амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра иоуп Ҳаири Қәҭарба. Иара занааҭла дынџьныр-ргылаҩуп, ҭырқәбызшәала иҩуа аԥсуа шәҟәыҩҩуп. Жәа-шықәса раԥхьа Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит. Диит иара 1959 шықәсазы мшаԥымза 10 аҽны, Дузџье иахьаҵанакуа Есма-Ҳаным ақыҭан, Ҳаиаҭи Қәҭарбеи Бебеқь Аҩӡԥхаи рыҩнаҭаҿы. Ари аҭаацәараҟны ирааӡеит хәҩык ахшаара.

Адыга ҭыԥҳа Амра Џьамре Жаде. - Sputnik Аҧсны
Џьемре Жаде: ауадаҩрақәа сырцәымшәеит, ара саанхеит, Аԥсны сыԥсадгьыл акәхеит

Ҳаири Қәҭарба излеиҳәо ала, Акаԥантәи Ҭырқәтәыла ицаз иабду иаб иоуп, уи Базала ихьӡын.

"Базала ихылҵыз иоуп сара сабду Маҳмаҭқьери Кәҭарба. Сыԥсадгьыл Аԥсны шакәыз саҳауан схәыҷаахыс, сандуцәа рҟнытә. Рҩыџьагьы, сан лангьы саб иангьы ҳара ҳаҟны инхон. Рыуаӡәы аԥсуа лакәқәа сзеиҭалҳәон, егьи аҭоурых. Аӡәы илыгыз егьы ихалырҭәаауа, абасала ԥсуаҵас ҳрааӡон. Сандуцәа Аԥснынтә ихҵәаз ракәын, уи аҟынтә рхьаақәа алахырҽон еиҭырҳәоз ала. Сара санду лҟынтәи иҭысҵааит аԥсуа жәаа лакәқәа. Еснагь сазҿлымҳан сҭоурых", — ҳәа иҳәоит Ҳаири Қәҭарба.

Наҟ наҟтәи иԥсҭазаараҿы еиҳабацәа рҟынтә иаҳауаз акырӡа ицхрааит.

Адинхаҵара еиҳау —  Аԥсуара 

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабацәа ахәыҷкәа ахьтәаз ахҵәара атәы ишаламцәажәоз.

"Сара саныхәаҷыз инаркны, зныкгьы исымбеит ҳаиҳабацәа натәаны ирхыргаз агәаҟра иалацәажәо, ахәыҷкәа иахьҳаҳауаз уи мап зқәыз цәажәаран. Амала, дара-дара анааидтәылалак ирҳәоз уи акәын. "Аԥсны гәхьааҳгоит" ҳәа рҳәоны, шаҟантәы исаҳахьази. Маӡала сазыӡырҩуан ражәабжьқәа, урҭ анысҵо салагеит анаҩс. Зегьы гәныскылон, иҭысҵаауан", — ҳәа иҳәеит Қәҭарба.

Ҳаири Қәҭарба аԥсуаа ирхыргаз ахҵәара аиҳабацәа ишрызнаргоз шигәалошәо атәы шәахәаԥшыр шәылшоит абра.

Аҭоурых аиҳабацәа изеиҭарымҳәоз, иҳәоит иара, ахәыҷқәа акала рхы ҟәнаҳшьоны ирызҳар ҳәа ишәон.

"Иҟаз шыҟаҵәҟьаз аҭоурых еиҭарҳәомызт, избан акәзар ҳшәыргәынданы ҳрааӡар рҭахымызт, ҳаԥхашьо, ҳхы ҟәнаҳшьо ҳҟалар ҳәа ишәон", — ҳәа ацыиҵеит иара.

Ҳаири Қәҭарба иҳәоит, аиҳабацәа еснагь хьаас ирымаз рҵасқәеи, рқьабызқәеи Османтәи аимпериа ақәыӷәӷәара ишацәырҳьчаша акәын. 

"Османтәи аимпериа ҳаԥсыуаап уҳәар удырӡуа аҟынӡа асистема аҽырӷәӷәаны ыҟан. Аԥсышәала ҳцәажәо анраҳалакгьы, ҳаиҳабацәа еидкыланы идыршәуан, иҭаркуан. Ус аамҭа цон, ҳаиҳабацәа гәамҵуан, ес-ҽны ихәыцуан рхәыҷқәа зларыхьчареи ҳәа. Ҭырқәтәыла аиҳабыра ҳабдуцәа убысҟак рыхдырра аҟынӡа инаргеит, аҭырқәшәа ҳамҵар ҟамло аҟынӡа, ус рарҳәан, аҭырқәшәа рзымҵар аԥсышәа мацарала рхы рызныҟәгаӡом, аҵара рызҵаӡом ҳәа. Насгьы Ҭырқәтәыла инхо ԥсылманцәоуп, уи адинхаҵарагьы ҳадаҳкылар акәхеит", — ҳәа игәалаиршәоит Қәҭарба.

Наунагӡа нхара ҳәа зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳалдун Леиба. - Sputnik Аҧсны
Ҳалдун Леиба: сыхшаара рыԥсадгьылаҿ инхоит, рхатәы бызшәа рҳәоит

Ҳаири игәаанагарала, реиҳабацәа иҵауланы ихәыцуан, Ҭырқәтәылатәи амчрақәа ирыднагалоз зегьы гызмалрыла иазнеиуан.

"Ҭырқәтәылатәи амчрақәа ирымуӡошәа анырба ҳаиҳабацәа ус рҳәеит, аҭырқәбызшәагьы рҵап, аԥсылманрагьы рыдыркылап, аха уезгьы дара рыҩнуҵҟа иԥсыуаап, ԥсуаҵас ихәыцуеит, ицәажәоит, раԥсуара ныҟәаргоит ҳәа. Саб ус иҳәалон, адинхаҵарақәа зегьы иреиҳауп аԥсуара ҳәа. Ишрылшоз ала аԥсуа чара ауышьа, аԥсра амҩаԥгашьа, ахныҟәгашьа, ахымҩаԥгашьа абарҭқәа зегьы ҳаларааӡон, иаҳдырбон", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ҭырқәтәыла аԥсуа милаҭ ҳәа уҳәар ахьыҟамлоз иахҟьаны, аедыгь жәларқәа рахь ирхыԥхьаӡалахеит аԥсуаа, аха ус шакугьы аԥсуара еиқәдырхеит.

Иԥшьаз ашәҟәы — аԥсуа анбан 

Ҳаири Қәҭарба дыныхәыҷаз инаркны даараӡа игәынкылара бзиан, аҩышьеи аԥхьашьеи ашкол дҭалаанӡа идыруан, аҵара бзианы ицааиуан.

Омар Беигәааи Орҳан Аҳашбеи раԥхьа Аԥсны иааны инцоз, иргаз аԥсуа шәҟәқәа рхыԥҿхьаӡараҿы иҟан аԥсуа анбан. Уи ашәҟәы Ҳаири Қәҭарба инапаҿы инанагеит.

"Сабду Орҳан Аҳашба имхны анбан аҩныҟа иааигеит, усҟан сара ақалақь аҟны аҵара сҵон, аԥсшьара мшқәа рзы аҩныҟа санаа, ашәҟәы анызба иахысҳәаара сзымдырит. Сабду уара иуымаз аниҳәа, сгәыкны аԥхьара салагеит, ҩ-саатк рыла анбан зегьы саԥхьеит, излаздыруаз ала. Аҵарахьы санцоз исыманы сцеит, акыр шықәса исыцын иара, иԥшьаз шәҟәык исзаҩызан", — ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсуа анбани, аиҳабацәа ражәабжьқәеи ирыбзоураны Ҳаири Қәҭарба аҩра далагеит ажәабжь кьаҿқәеи алакә хәыҷқәеи. Уи аԥхьаҟатәи ирҿиарахьы раԥхьатәи шьаҿақәан.

"Нарҭ"

Ашкол данҭала ашьҭахь Ҳаири Қәҭарба ԥсабарала илаз абаҩхатәра аҽарҭбаауа иалагеит. Дызҳацыԥхьаӡа асахьаркыратә ажәа арҿиарахьы агәазыҳәара иоуан.

"Сҩымҭақәа акьыԥхь ашҟа ицәырҵуа иалагеит. Сара публицистк иаҳасабала сцәырҵит. Ҭырқәтәыла инхо Кавказаа рпроблемақәа ирызкны астатиақәа сыҩуан", — ҳәа арҿиара амҩа дшанылаз игәалаиршәоит иара.

1990 шықәсазы Ҳаири Қәҭарба иҩызцәеи иареи Ҭырқәтәыла еиҿыркаауеит "Нарҭ" захьӡыз ашәҟәҭыжьырҭа. Абраҟоуп Ҳаири еиҭагаҩык иаҳасабала ихы ахьԥишәаз.

"Аԥсуа ҵарауаҩ аетнолог Иура Аргәын ишәҟәы "Иахьатәи аԥсуаа ркультуреи рыбзазашьеи" захьзу аԥсуа бызшәантә аҭырқәшәахь еиҭаганы иҭижьит. Ԥышәарак исзаҩызан аиҭагара, уи ансықәманшәалаха иҵегь аиҭагара снапы аласкит", — иҳәоит Қәҭарба.

Ҭырқәтәыла инанагаз аԥсуаа ирхыргаз, изнысыз амҩа, уҳәа инарҭбааны иаазырԥшуа акымқәа ҩбамкәа аҩымҭақәа аԥыиҵеит Ҳаири Қәҭарба, дара хаз шәҟәны адунеи рбеит.

Аԥсны — зыԥхыӡ иалоу

Дшыхәыҷыз инаркны аԥсуара зыларааӡоз, зхатәы бызшәала ицәажәоз, ихәыцуаз Ҳаири Кәҭарба ииҭахын Аԥсныҟа даарц, иблала ибарц ианду ллакәқәа рыҟны зыӡбахә лҳәоз ашьхеи-агеи.

Апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкыз алекциа - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: аԥсуаа Иорданиа ҳаҭыр рықәуп

"Аԥсны сыԥхыӡ иалан еснагь, исҭахын саарц, сыжәлантәқәа срабадырырц. Аԥсны аибашьра алагаанӡа 1989 шықәсазы Аԥсныҟа раԥхьаӡа сааит. Қәҭараа раҳәшьаԥацәа Тапаӷәуаа рыҟны ҳаҟан, уа еизеит Қәҭараа, убас срабадыреит Аԥснытәи сашьцәа. Ус Ҭырқәтәылаҟа схынҳәит, аха ара анхара сҭахын", — ҳәа гәыблыла игәалаиршәоит раԥхьа Аԥсныҟа дшааз Ҳаири.

Ҳаири Қәҭарба Аԥсны данаа анаҩс, игәаҵа иԥхаӡа иҭан Аԥсны дышрыдыркылаз ижәлантәқәа. Аԥсныҟа исыхон, ҳәа иҳәоит иара. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы Ҳаири Қәҭарба илшоз ала дыцхыраауан.

"Аибашьраҿы абџьар кны смеибашьызыргьы, Аԥсны иҟаз ианыз аинформациа аларҵәаразы исылшоз зегьы ҟасҵон. Аибашьра еилгаанӡа мышқәак шагыз Ҭырқәтәылаҟа сцеит. Аха исҭахын саарц, иахьа уаҵәы сҳәо, ус 12 шықәса ҵит", — хәа иҳәоит иара.

2006 шықәсазы Аԥсны раԥхьаӡа имҩаԥысуан Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа алархәны аизара. Усҟан, Ҳаири Қәҭарба Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа дааит, ус нхара ҳәа дагьаанхеит. 

"Уажәы акәымзар ианба сҳәан, ара саанхеит. Абар шьҭа жәа-шықәса ҵуеит ара сынхоижьҭеи. Сара занааҭла сыргылаҩуп, аха ара сынхаҩуп, ақыҭаҿы сынхоит. Сыԥхыӡ иалаз лабҿабахеит", ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ҳаири Қәҭарба дынхоит Гәлрыԥшь ақыҭан, анхара анҵыра инапы алакуп.  Аԥсны иҟазаара ес-ҽны ныҳәаны иԥхьаӡоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0