Аслан Бжьаниа игәабзиара иазҿлымҳауп Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжьаниа
Аслан Бжьаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара - Апарламент адепутат, аоппозициатә мчрақәа рыблок ацхантәаҩы Аслан Бжьаниа игәабзиара иаалырҟьан иуашәшәырахан, Москва ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак дҭарҵеит 2019 шықәса мшаԥы 18 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа азҿлымҳауп Жәлар Реизара адепутат Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Татиана Гәлиаԥҳа.

"Уажәы Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, ахәышәтәырҭа дҭарҵеижьҭеи деицәам. Дышьҭоуп Аслан Бжьаниа Аслан Бжьаниа Москватәи 12-тәи аклиникатә хәышәтәырҭа ирццаку атерапиа аҟәшаҿы. Иҭынхацәа иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп рҳәоит", - азгәалҭеит Гәлиаԥҳа.

Иара убас, лара иацылҵеит Аслан Бжьаниа аҿкытә гәыҵәкра ихьит ҳәа аҳақьымцәа ишышьақәдырӷәӷәаз.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара - Апарламент адепутат, аоппозициатә мчрақәа рыблок аицхантәаҩы Аслан Бжьаниа игәабзиара уашәшәырахан, Москва ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак дҭарҵеит мшаԥы 18 рзы.

Аԥсны Аԥыза-министр Валери Бганба мшаԥы 19 рзы Агәабзиарахьчара аминистрра адҵа риҭеит ахәышәтәырҭа иҭашәаз Аслан Бжьаниа ихәышәтәра иадҳәалоу аусқәа реиҿкааразы урыстәылатәи рколлегацәа рыҽрымардарц, Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0