Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит атакси арныҟәцаҩцәа апатенттә система изақәшаҳаҭым

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Бадраҟ Аҩӡба еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аҟны атакси арныҟәцаҩцәа апатенттә системала ашәахтә ашәара изақәшаҳаҭым.

Ҳазҭоу ашықәс азы иалагалаз апатентә системала ашәахтә ашәара иақәшаҳаҭым Аҟәатәи атаксистцәа аизара мҩаԥыргеит. Дара есымза 350 мааҭ ршәалароуп рмашьынаҟны ирымоу ҭыԥк азы. Убри аан ашықәс азы ирықәу знык ала иршәозар, ԥшь-ҭыԥк змоу жәа-нызқь мааҭ ршәоит, ф-ҭыԥк змоу - жәохә нызқь инарзынаԥшуа.

Аҩӡба еиҭеиҳәеит атакси арныҟәцаҩцәа апатенттә система изақәшаҳаҭым

"Иахьа еизеит 50-60-ҩык инарзынаԥшуа атакси аусзуҩцәа. Дара иазгәарҭеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра иаланагалаз апатентә система ҿыц ганкахьала иманшәалоуп, зныкала шықәсыктәи ашәахтә ушәозар 40 процент рҟынӡа еиҵахоит, аха аиҳараҩык иааидкыланы шықәсыктәи апатент ахә ашәара рцәыуадаҩуп, ҽнак зықьмааҭ ҳмырҳаргьы ауеит ҳәа азгәарҭоит. Уаанӡа иҟаз ашәахтә ҷыдеи иалагалоу апатенттә системеи еиҿурԥшуазар, уажәы мызкы иаҳа еиҳаны аԥара ашәара рықәшәоит. Иаҳҳәап, усҟан аӡын аамҭазы 800 мааҭ, аԥхын 1200 мааҭ ршәозҭгьы мызкы, уажәы ԥшьҭыԥк змоу амашьына азы 1400 мааҭ ршәалароуп есымза ӡынгьы ԥхынгьы", - иҳәеит Аҩӡба.

Еизаз атакси арныҟәцаҩцәеи Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиеи еиԥылеит.

"Урҭ реицәажәара алҵшәақәа рыла иазгәаҭан атакси аҟны аус зуа зегьы шышьақәыргылатәу, иахәҭоу ақьаадқәа зегьы ирымазар шакәу, избанзар иахьазы ашәахтәқа зынӡа изымшәогьы маҷым. Аилацәажәара ҟарҵар рҭахуп ашәахтә есымза иршәо, аха иааидкыланы шықәсыктәи аныршәо 40 процент иагхо иаҟараны иҟаларц. Ус еиԥш аӡбамҭа рыдыркылар, ҭыԥк азы 350 мааҭ шәатәызҭгьы 210 мааҭк артәоит. Аха уи макьана ажәалагалак аҳасабала иахәаԥшит, аҭҵаара аҭахуп ирыдыркыларц", - азгәеиҭеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны  аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0