Аԥсны Аҵәахырҭатә банк акомпенсациақәа рыҿҳәара шьақәнаргылеит

© SputnikСбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара лаҵара 3 рзы ишьақәнарӷәӷәеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзынӡа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ахь рлагалақәа акомпенсациа рзыҟаҵаразы аԥкаанҵа.

АҞӘА, лаҵара 7– Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк акомпенсациақәа ршәара иалагоит лаҵара 8 2019 шықәса инаркны ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҵәахырҭатә банк аҟәатәи аҟәша адиректор Лолита Заде.

Аҵәахырҭатә банк  - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк ахь алагалақәа зҭахо ркатегориақәа шьақәыргылахоит

Уаанӡа аԥарашәара лаҵара 6 рзы иалагараны иҟан.

"Аԥарақәа аԥхьаӡарақәа рахь инаҳашьҭхьеит. Аԥхьаӡарақәа ҷыда-ҷыдала ишаартхалак ҩымш рыҩныҵҟа аԥара алазгалаз ма иара ишьҭрақәлаҩ Аҵәахырҭатә банк аҿы иԥарақәа иоур алшоит. Аҵәахырҭатә банк аусзуҩцәа аклиентцәа аҭел ирзасуеит дара рахь идҵааларц", - ҳәа лҳәоит Лолита Заде.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара лаҵара 3 рзы ишьақәнарӷәӷәеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзынӡа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ахь рлагалақәа акомпенсациа рзыҟаҵаразы аԥкаанҵа.

Акомпенсациатә шәарақәа рҭаҩразы аусутә гәыԥ анапхгаҩы, ашәарақәа рзы акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ Лиана Лакоба илҳәеит акомпенсациа заураны иҟаз рҟынтәи актәи аквартал ахь иаҵанакуеит 48-ҩык ҳәа. Урҭ аҭаҩра иахысит 01.04.2003 шықәса инаркны 20.01.2004 шықәса рҟынӡа. Азеиԥшшәара 361 691 мааҭ шьақәнартәоит.

Акомиссиа аԥкаанҵахьы иаҵанакит 2015 шықәса рзы зыҽҭазҩызгьы. Урҭ рхыԥхьаӡара 139-ҩык ыҟоуп. Ҩ-миллионки 255 нызқьмааҭ артәоит азеиԥшшәара ахыԥхьаӡара.

"Ашәарақәа мҩаԥгахалоит ауаа рԥарақәа роуаанӡа. Ашықәс нҵәаанӡа аҽа ԥшь-етапк аԥарашәара мҩаԥгахоит", - ҳәа лҳәеит Лиана Лакоба.

2011 - 2018 шықәса рыҩныҵҟа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи акомпенсациатә шәарақәа рыҳасаб ала 170 миллион мааҭ аԥара роуит роуит 12нызқьҩык.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0