Шәаҳәарыла аибашьра аҭоурых еиҭазҳәоз: аофицар Ԥаҷ Ҷанба иҭоурых

© Foto / Сырма АшәԥҳаАибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа Сырма Ашәԥҳа.
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа Сырма Ашәԥҳа.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иахьеиԥш исгәалашәоит уи амш. Усҟан исхыҵуаз жәашықәса заҵәык ракәын. Иҟаларын уи иаанагоз аҵакы уамак исзеилымкаауазар, агәырӷьачча зҭыҩуаз сабду игәараҭа еимгеимцарак ала агәаҟрацәгьа ахьаҭааз уамак ала иснырит, зегь реиҳа сан лылаӷырӡқәа… Избанзар, уи ашҭаҿакәын  схәыҷра ашықәсқәа ргьама хаа ахьымҩасуаз. Инеидгылоз ирҳәоз слымҳа иҭасуан, "Паҷ рыцҳа, аибашьра зегьы ихганы, иԥсы иманы аҩныҟа дхынҳәит, аха машәырла ишԥаҿахҵәеи араҟа иԥсҭазаара" - ҳәа.

Аибашьра ду аветеран Кархалаа Хьизан Кәкә-иԥа иашьа иԥҳа Ирина Кархалааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Кархалааԥҳа: саб иашьа дызлардыршаз асалам шәҟәы иаҳәшьа лыхьӡала иџьыба иҭан

1989 шықәса рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран, сабду Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба,  иҩны азааигәара, адәыӷба мҩаҿы, иаԥхьа иааиуаз адәыӷба иҿанарҷҷаз алашара ибла хнакын, дашьуашәа  аниба имҩа маҷк дахьаацәхьаҵыз ишакәым дынкаҳан иара убраҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит. Уи даара угәы ҭызшьаауаз, зыхгара уадаҩыз хҭыс бааԥсны иҟалеит.

Лаҵарамза 9, исызцәырнаго агәалашәарақәа, хымԥада акырӡа ирацәоуп, еиҳаракгьы сабду иԥсеиԥш бзиа иибоз аныҳәа ду иацу ахҭысқәа.

Сабду диит Очамчыра араион Аҭара ақыҭан, 1919 шықәса рзы. Иара аибашьра ду далҵны аҩныҟа данаа, аҭаацәара даналала, анхара иҽазикит Тамшь ақыҭан, иашьеиҳаб Асҭанеи иареи еигәылацәан, ахьхьа-џьџьаҳәа еицынхон, аҭаацәарақәа аԥырҵеит, ирызҳауан рыхшара, рмаҭацәа. Аха, иахьа рыцҳарас иҟоу, рынхарҭа ҭыԥқәа зегьы ықәыццышәаа аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан ҳаӷацәа ирыблит.

© Foto / Сырма АшәԥҳаАибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба имедалқәа.
Шәаҳәарыла аибашьра аҭоурых еиҭазҳәоз: аофицар Ԥаҷ Ҷанба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба имедалқәа.

Схәыцраҿы ицәырҵуа, лабҿабоушәа сыбла ихгылоу, схәыҷра аԥсҭазаара ахьеилашуаз Тамшь ақыҭа, сабду игәараҭа иадҳәалоу ахҭысқәа рацәаӡоуп, ак рылкааны даҽакы зымҩа инхар, сгәы снархьрашәа исзааиуеит, ԥсҭазаара дук амҽханакуазшәа збоит. Сара сзы зегь реиҳа ихадароуп урҭ сгәаҵаҿы иԥхаӡа иҟоу аҭыԥ ҷыда ахьааныркыло.

Фатима Џьалаӷаниаԥҳа, аибашьра ду аветеран Лиова Пила-иԥа имаҭа - Sputnik Аҧсны
Џьалаӷаниаԥҳа: сабду аԥшьбатәи ихшара лбара дахьымӡеит, салам шәҟәыла ауп ишеиликааз

Аԥхынра ааира ахәыҷкәа зегьы реиԥш саргьы даараӡа бзиа избон. Издыруан, ашкол аҟны сҵара шаахсыркәшалак, сан лҭаацәа рахь слыманы аанҿасра дышцоз. Уаҟа исзыԥшын сара сеиҳа маҷк еиҵбацәаз саншьа ихшара, сашьцәеи саҳәшьеи. Иҟан ҳара-ҳара ианеибаҳҳәалоз, абри ҳабду акы даҿума, иԥсы ишьоума, дахьыҟазаалакгьы  урысшәала ашәак аацәыригон, ииҳәоз ашәа иалаҳкаауаз ажәа заҵәык акәын, уи "Катиуша". "Бабу, абри иуҳәо закә ашәоузеи?", - ҳәа ҳанааидыххылалак, ибжьы еиҳагьы инароуны ашәаҳәара дналагон, ҳазҵаара аҭак убас ала иҟа иҵон.  Усҟан ҳхәыҷра ахшыҩ ишазымыӡбоз еиликаауазар акәхарын аибашьра иаанагоз аҵакы, ҳазҵаара аҭак ақәҿиҭуамызт, шәаҳәарыла ихаирҭәаауан.

Сабду Украинатәи афронт даланы анемец фашистцәа рҟынтә иҭаирцәуан Урыстәыла, Украина, Польша, Колинсберг, Калининградтәи аобластқәа, днаӡеит Берлинынӡа.

Иара аибашьра ду ихьӡеит аррамаҵзура дшыҟаз. Абираҟ ҟаԥшь занашьаз 359-тәи адивизиа иаҵанакуа  1998-тәи ахысратә полк авзвод адҵаҟаҩыс дыҟан, ԥшьынтә ӷәӷәала дырхәхьан.  Аиаҵәа ҟаԥшь аорден ианашьоуп, иара убас актәи аҩбатәи аҩаӡара змоу Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәеи еиуеиԥшым амедалқәеи, аибашьра ашьҭахьгьы арратә чынқәа ианашьан.

Исгәалашәоит шаҟа лымкаала ишҽазыҟаиҵоз сабду ари аныҳәа ду. Ҷыдала аныҳәа мшқәа ирызкны имаз иорденқәеи имедалқәеи рыла иҩычаз ишәҵатәы аацәыригон, исахҭан магәқәа џьара бабыцк рықәмыршәыкәа ирыцқьон, иҽааилаҳәаны днеины асаркьа днахәаԥшуан, нас имаҭацәа аашьҭыхны дцон апарад ашҟа. Аҽны ҳабду еиԥш ҳара ҳзгьы ныҳәан, амала усҟан ҳара ҳзы аныҳәа иамаз ҽа ҵакын, ахаамыхаақәа рыфара, ҳазхара ахәмарра, ҳабду инапы кны иааигәа аҟазаара, ирҭоз ашәҭқәеи адныҳәаларатә ҳамҭақәеи рдунеи ҳаргьы ҳахьаднакылоз насыԥызшәа ҳзааиуан.

Сабду аҵара иман, ашәҟәаԥхьара даара бзиа ибон. Сан еснагь изаалхәон Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых иазкыз ашәҟәқәа, иҟамзар ҟаларын дызмыԥхьац, телехәаԥшрала дызхәамԥшыцыз анҵамҭақәа.

Агәылацәа ааидтәаланы ианааицәажәоз, сабду лассы-лассы ицәыригон аибашьра атема, аха иҽагәылахаланы далацәажәомызт, "ҳабла иабаз, Анцәа ишәимырбааит, дад" - иҳәалон. Амшцәгьақәа раан сабду иарма напы ахьаа аҽцәырнагон, ишиҭахыз еиԥшҵәҟьа изеиҵыхуамызт, ианыз ахәраҭыԥқәа абыржәгьы сыбла ихгылоуп. "Сара ианысхашҭуагьы, ахы аацәырнамгар ҟалом ари снапы ҟадыџь", - иҳәалон сабду егьа ахьаа имазаргьы инмырԥшуа. 

Ветеран ВОВ Шония Алексей Иосифович. - Sputnik Аҧсны
Аветеран Шьониа: сҳамҭақәа рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп

Сабду аҽқәа даара бзиа ибон, аҩны иааӡон, иман ауардын. Аҽқәа ауардын нарыҵаҳәаны, имаҭацәа ҳнақәыртәаны амшын ахь ҳиман дцалон.  Ах, ишԥахааз, ишԥагьамаз уи аамҭа...

Сабду жәашықәса заҵәык роуп сахьихаану, уи ажәашықәса сара сзы иҟалап дунеи дук иаҩызазар, зегь реиҳа игәыкыз, зегь реиҳа иԥшӡаз аамҭазар.

Сабду анышә данамардоз аҽны амш бзиан, амра ԥхон. Ҳаҭыр зқәу аҟарулцәа сабду иҳаҭгәын аԥхьа игылан рҽеиҭныԥсахлауа. Иршәыз ар рымаҭәа ԥшӡа уажәыгь сыбла ихгылоуп. Слымҳа иҭыҩуашәа саҳауеит анышә данамардоз иҭдырҟьоз абџьарқәа рхысбжьы, уи ахқәа ҳрышьҭаланы иҳаԥшаауан, еизаҳкуан сашьцәеи сареи, иаанагоз еилкааны иауҳдырхуаз.

Тамшьтәи абжьаратә школ аҿаԥхьа, амҩа азааигәара ауп сабду анышә дахьамадоу. Иҳаҭгәын иахагылоу абаҟа ҳаӷацәа рыхҭыԥ иаргоуп. Избанзар,  аԥсышәала ицәажәон ихьӡи ижәлеи зланҵаз аҩырақәа.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаАибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба ибаҟа
Шәаҳәарыла аибашьра аҭоурых еиҭазҳәоз: аофицар Ԥаҷ Ҷанба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба ибаҟа

Аибашьцәа-афырхацәа рхыԥша, рыгәаӷьра, рхымҩаԥгара ахааназы ашьҭа арӡӡом, ҳаӷацәа рԥышәара егьа иӷәӷәазаргьы уи лҵшәадоуп, избанзар ари адгьыл ԥшьаҿы еснагь аиаша Аиааира агоит. Ари амш азы исҭахуп еихсыӷьра ақәымкәа исаҳаларц сабду бзиа иибоз, лассы-лассы ииҳәалоз "Катиуша" илызку ашәа …

 

Ажәабжьқәа зегьы
0