Аҭоурых, амузыка, алитература: "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны сынтәа ишымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа ҳәынҭқарратә музеи
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Аҵх амузеи аҟны" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит 2015 шықәсазы.

АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Лаҵара 18 рзы акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысуеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи, Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи рыҟны. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра апресс-маҵзура.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Акультура аминистр Аԥсны амузеиқәа акциа "Амузеиаҿ аҵх" иадлыԥхьалоит

Ари акциа амҩаԥгара иалагоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Уи аиҿкааҩцәа иқәдыргылоит Аԥсуа ар атыл, аԥшыхәра, аконтрԥшыхәра ирызку ацәыргақәҵа. Уахынлатәи апрограмма иалоуп Аԥсны аҭоурых адырреи, иреиӷьу амилаҭтә кәашара анагӡареи, аԥсышәала ажәеинраалақәа раԥхьареи ашәаҳәареи ирызку аицлабрақәа.

18:00 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи аҟны акциа иалагоит. Ашколхәыҷқәа рзы еиҿкаахоит амузеи азалқәа рахь аныҟәарақәа, уа Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара ирҿиареи атәы рзеиҭарҳәоит. Анаҩс, амузеи аҭаацәа алшара роуеит аԥсуа поет Терент Ҷаниа иԥылара. Уи иажәеинраалақәа дрыԥхьоит, иара убас изҭаху зегьы иҿцәажәар, азҵаарақәа ирҭар рылшоит.

Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган Аҵх амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә музеи имҩаԥнагеит акциа "Аҵх амузеи аҟны"

ААУ ажурналистика аҟәша астудентцәа амузеи аҭаацәа иддырбоит агазеҭ "Аԥсны" 100 шықәса ахыҵра иазку рықәыргыламҭа, ансамбль "Гәында" амилаҭтә ашәақәа нанагӡоит.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи асааҭ 19:00 рзы акциа амҩаԥгара иалагоит. Уа ицәыргахоит аекспозициа ҿыцқәа. Раԥхьа иддырбоит ацәыргақәҵа "Аӡиа Риҵа". Аҩбатәи азал аҟны Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟәша еиҿнакаауеит "Аԥсны аҭоурых XIX – ХХ ашәықәса алагамҭеи рзы" иазку ацәыргақәҵа. Иара убас, аетнологиа аҟәша еиҿнакааит асовет аамҭазтәи ажәытә пластникақәа, аҭоурыхтә музыкатә арҳәагақәа ахьцәыргахо "Иҳаҩсхьоу аамҭақәа рмелодиақәа" захьӡу ацәыргақәҵа.

Ари амузеи аҟны акциа хыркәшахоит акттә зал аҟны "Џьанҭоутәи аԥсыжырҭа аматериалқәа" захьӡу аекспозициа ала.

Аҵх амузеи аҟны мҩаԥысит Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
Акциа "Аҵх амузеи аҟны" Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҿы

Апоет, аҵарауаҩ Омар Беигәуа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи аҟны лаҵара 18 ауха аҭааҩцәа алшара рымоуп хәыда-ԥсада XIV - XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Аԥсны аҭоурыхтә материалқәа рыҭҵаара, иара убас адунеи аҿы иҟоу аԥсуа диаспора еицырдыруа ахаҭарнакцәеи амҳаџьырра аамҭеи ирызку аекспонатқәа рбара. Хазы игоу азал азкуп Омар Беигәаа иԥсҭазаареи, ирҿиареи, иҭҵаарадырратә усуреи. Уа иҵәахуп уи ихатә маҭәарқәеи, ифотосахьақәеи, инапҩырақәеи.

"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь  анеира хәыда-ԥсадоуп. Аҿар амузеиқәа радԥхьаларазы еиуеиԥшым амузеиқәа ирӡбоит иформалтәым аусмҩаԥгатәқәагьы дырбара.

Беиаԥҳа еиҭалҳәеит лаҵарамзазы Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы имҩаԥгахо аусхкқәа>>

Аԥсны ари аҩыза акциа иадгылеит 2015 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иҟанаҵаз аԥшьгамҭала.

Ажәабжьқәа зегьы
0