Алхратә скептицизм: иззыԥшуи иахьатәи алхыҩцәа

CC0 / / Люди со смартфоном
Люди со смартфоном  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 21, 2019 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп Ахада иалхрақәа. Ишԥазыҟоу уи ҳтәылауаа, гәыӷрақәас мамзаргьы гәрамгарас ари ахҭыс иадырҳәалои? Абарҭқәа уҳәа рзы лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Елеонора Коӷониаԥҳа Аԥсны ахада иалхрақәа ирызкны

Ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп ахәбатәи Аԥсны ахада иалхрақәа. Зыбжьы зҭираны иҟоу атәылауаҩ лаҳасабала исымоуп "скептицизм" ҳәа изышьҭоу, агәрамгара аҟазшьа змоу агәҭахәыцрақәа. Аҵыхәтәантәи алхрақәа хԥа даара ҭыӡшәала иҭәын, акандидатцәеи урҭ рыдгылацәеи еилашуан, иааилгар, акашырра ҟаларашәа.

Алхрақәа Аԥсны. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

Уи зегь ԥышәазар акәхап, ҳара қәра дук змам ихьыԥшыму Аԥсны иқәынхо ҳзыҳәан. 25 шықәса ахыҵуеит ҳҳәынҭқарра ҿыц, ԥшьҩык атәыла ахадацәа алаҳхьеит уи аамҭа иалагӡаны. Абар, уажәгьы ҳааҽԥынгылеит Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа раамҭа.

Ииасхьоу алхратә кампаниақәа ҳарзааҭгылозар, еснагь ирыцын агәыӷра, "ари дҳаԥсахыр, ари деиӷьхап" ҳәа. Еиуеиԥшым алхратә кампаниақәа раамҭазы акандидатцәа иҳадыргалон зеиӷьыҟамыз алозунгқәа: "Мир порядок и достаток", "Камеры с видом на море", "Территория закона". Инагӡоума абарҭ рахьынтә акы, схәыцуеит сара?!

Адепутатцәа абжьыҭиразы азакәан аԥсахрақәа аларгалеит>>

Мап инагӡам, апориадок ҳәа изышьҭоугьы ыҟам, ацәгьоуҩгьы абахҭа иҭакра еснагь иалыршам, азакәан аҳра ауагьы иҟамлеит, ус анакәха, аполитикцәа ражәа иеижьоит. Ииашоуп, зны-зынла идыргылоит ахыбрақәа, ишьҭарҵоит акаҭран, аӡымҩангагатә цәаҳәақәа алырдоит, аха зегь реиҳа ихадоу, ҳхатә економика арҿиара, аусурҭатә ҭыԥқәа реиҿкаара, акоррупциа аркьаҿра уҳәа, макьаназы аӡәгьы илымшаӡеит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Азиндырыҩ: алхрақәа раан "амҩақәа ҟасҵоит" ҳәа ауаа урыламлароуп

Абарҭқәа ирыхҟьаны акәхап,  уажәтәи алхрақәа рышәхымс аҿы, аԥсуа алхыҩцәа скептикцәаха изықәгылаз, избанзар 25 шықәса рыҩнуҵҟа, аԥсуа политикатә напхагаратә елита ирҳәоз  шынармыгӡоз ауаа еилыркаауа иалагеит. Аԥсны алхрақәа ршыкьбжьы ҳаракуп еснагь, акандидатцәа рыдгылаҩцәеи раԥханагьлацәеи ажәлар ахҟа рыбжьаҵо иааиуан, аха, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы, ажәлар азхәыцуа иалагеит алхрақәа рышьҭахь аԥсҭазаара уамак аҽшамԥсахуа.

Ажәлар ргәаанагара ҳара иахьаҳбарҭоу хаҭалатәи ҳаиқәшәарақәеи асоциалтә ҳақәеи рҿоуп, убри аҟынтә, аихшьаалақәа ҟаҳҵозар, алхратә скептицизм хәа ззырҳәо аҟны ҳааины ҳаҟоуп уажәы. 25 шықәса рыҩнуҵҟа амчраҿ иҟази урҭ роппозициеи реимак аҳәынҭқарра асистема арҿыцреи, ҳҵызфаауа акоррупциа аҿагылареи, ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәаареи, аекономика ашьҭыхреи ракәым иззырхо, ҳарҭ алхыҩцәа агәҩара ҳазцәырҵуа ҳалагеит, амчрахь анеира ахатә бзазара аиӷьтәразы ихәарҭоу аресурсқәа рҽырзааигәатәра ишазку.

Габуния Георгий - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габуниа: алхрақәа рахь инеиуа ауаҩы абырцкал дкылхтәуп

Ҳазҭагылоу аамҭазы закәанла аӡәгьы арегистрациа изырымуцзаргьы, асоциалтә ҳа Facebook аҿы иаҳбоит апрезидентрахь амҩа иқәлаз рӡыргаратә лексика "Дычкәына бзиоуп", иаҵарыҩуеит урҭ рыдгылаҩцәа уажәнатә изыдгыло дӡырго. Аҷқәынцәа бзиақәа рацәаҩуп, аха аҳәынҭқарра аргылара уи даҽа усуп ҳамҳәозар. Иҳарҳәозеи уажәнатә ицәырҵуа аӡыргарақәа? Аоптимизациа шыҟаҵатәу, акоррупциа шаанкылатәу, ажәлар еизҳазыӷьаны инхаларц шахәҭоу уҳәа, даҽазныкгьы абжьы рызҭаша алхыҩцәа рыжәҩа злаҭырҟьаша ажәа лыԥшаахқәа роуп ҳлымҳа иҭаҩуа.

Арҭ аҳәамҭақәа уажәшьҭа акыр шықәс рхыҵуеит, иаҿахаз апластинка иаҩызаха иааҟалеит, ҳалхыҩцәагьы ҿырҳәала ирҵахьеит. Аӡәи-аӡәи еиҭныԥсахло ҳшааиуаз, иаагәаҳҭеит аполитикцәа зықәныҟәо асистема еиҭакра амаӡамкәа ишынхаз, алхарақәа рышьҭахь уи аӡәгьы далакьысырц игәы ишҭам. Иахьа амчраҿ иҟоу апартиа ахаҭарнакцәа акыр иӡырганы ирыман аоптимизациа ҳәа изышьҭоу атема, иара убас, атәыла ахада имчрақәа рӷьырак Апарламент ашҟа аиагара. Баша цәажәарахеит, иахьазы уи аҩыза асистема алыршам.

Европарламент - Sputnik Аҧсны
Европарламент адепутатцәа аԥснытәи алхрақәа рахь иаарыԥхьеит

Иаҳҳәап, атеатр аҿы аҭыӡшәа ыҟазар, апрезидент иоуп изыӡбо, акультура аминистрра шыҟоугьы. Иахьа уажәраанӡагьы инагӡам, аԥсуа театр аҿы иҟаз аҭыӡшәазы иаԥҵаз акомиссиа иаднакылаз ақәҵара. "Иԥсахтәуп атеатр аԥҟаԥҵәа, адиректори асахьаркырратә напхгаҩи аӡәымзароуп, иргьежьтәуп атеатр асахьаркыратә еилазаара", ҳәа ишьҭырхыз аӡбамҭа мызкы инахыҳәҳәо ишьҭоуп, апрезидент ииӡбо иазыԥшны.

Алхрақәа рыламҭалазы апрезидент атеатр аха имоума? Атәыла ахада дтеатрҭҵааҩым, уи иацу акәамаҵамақәа хаҭала рҵара уеизгьы-уеизгьы идырраны дзыҟоузеи, уи азы акультура аминистрра имазар? Аха, иахьатәи азакәан ала, апрезидент инапаҿы иҟоуп амчра зегьы. Хаз игоу усҳәарҭак аҿы ауадаҩрақәа ыҟазар, аӡә дамхтәзар, ма даҽаӡә даҭатәзар, апрезидент илымкаа аминистр ихала уи аӡбара илшом, еиҳа ииашаны иаҳҳәозар, уи аҩыза ахақәиҭра имам. Ус азин имамзар, изаҳҭахузеи дара урҭ аминистррақәа еиҵаҩҩы иҟоу русзуҩцәеи дареи?

Абарҭқәа зегь лабҿаба ҳара иаҳбарҭоуп, абарҭқәа зегь рыӡбахә рҳәоит аоппозициаҿы иҟоу амчрақәа, аха амчрахь ианнеилак гәырӡ-шашәарӡ  ареформақәа рымҩаԥгара азҵаатәы бжьаӡуеит ҳамҳәозар.

Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габниа: алхрақәа рҟны ахылаԥшратә системақәа ралагалара аус иахәоит

Иахьатәи алхҩы дазласкептикхаз ала, даара иуадаҩуп аҳәара дыҟоуп ҳәа атәылауаа рӷьырак зыгәра ганы рыбжьы зырҭарц рҭаху ауаҩы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ицәырҵуаз амчреи аоппозициеи рыбжьара иҟамызт апрограмматә еиндаҭлара, аоппозициа акритика ҟарҵон, уи алагьы амчрахь ианнеиуаз ыҟан, амчраҿ иҟаз ракәзар, агәра ҳдыргон, рхы дырҽхәон "аҿиара амҩа ҳшану" азы. 25 шықәса рыбжьара аҳәынҭқарратә система ахархьуаа рыԥсҭазаара шьаҭанкыла акәымзаргьы, ҩаӡарк аҟынӡа иҳаракхартә ирзыҟамҵеит иаҳхагылаз.

Иааидкыланы иаҳҳәозар, апрезидентцәа ԥшьыҩк алаҳхзаргьы, атәыла анапхгара рҽырыԥсахит ҳәа аҳәара уадаҩуп, зҟәардә зыҵҟьаз аӡәы-ҩыџьа ыҟазаргьы. Ианаамҭоу аԥша ахьасуа зныруаз аполитикцәа елитак аҟынтәи даҽакахьы ииасуан, партиак иаалҵны, даҽакы иналалон. Абас ицон аамҭа. Арҩашьыга иаҩызаз агәыӷра зызцәырҵлоз алхыҩцәагьы, маҷ-маҷ ирхыԥсаауа иалагеит аполитикцәа ирыдыргалоз, зыгәра ргоз аԥсҭазаара лаша, рыгәгьы азҩо иалагеит урҭ рриторика аиаша ишацәыхароу, убри аҟынтәи, иахьа имаҷҩым изҳәо "аӡәгьы игәра ҳгом" ҳәа.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг: иааиуа ашықәс азы Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ажуналистцәа рҽазыҟаҵаны иазнеироуп

Абри аҵыхәтәантәиқәа рпозициа сазааигәоуп схаҭагьы. Даара иуадаҩу алхратә скептицизм ззуҳәаша аамҭа ҳаԥхьа иааины ишьҭоуп уажәазы. Зажәа назмыгӡоз аԥсуа политикцәа, ҳара ҳалхыҩцәа абри аҩыза ахәыцраҿы инаргеит, убри аҟынтә, исҳәарц сылшоит, иахьазы дшыҟам, хьаҳәаԥаҳәада алхыҩцәа зыгәра рго, адгылара зырҭаша акандидат.

Ус иҟалеит, избанзар, макьана иҟам партиак, ма политикатә гәыԥк иреалтәу атәыла арҿиара иадҳәало хсаалак ажәлар ирыдызгало. Амчраҿ иҟоу еснагь рхы-ргәы алаҟоуп, анкьа аҭыԥқәа зманы изцәыӡыз гәрымуа иоппозициатәу аҳәамҭақәа ҟарҵоит, уаҳа акымзарак мҩаԥысуам аԥсуа политикатә ҳауаҿы.

Азеиԥш еихшьаалатә хьӡы аҳҭозар, иахьа иҳамоу аҳәынҭқарратә модель, акоррупциа шьагәыҭс измоу, уалаҭахылатәи асистема аҳра ахьауа, апрофессионал ҳәа ҳзышьҭоу уамак дызҭахым асистема иеиԥшуп. Ас хара цашьа ыҟам, аха намысла атәыла аргылара зҭаху, уи аҟаҵашьа здыруа дцәырҵӡаргьы, иидеиа ажәлар рҟынӡа анагаразы акыр ауадаҩрақәа изыԥшуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы алхрақәа рымҩаԥгара ахарџь рацәа злаҭаххаз ала, ауаҩы гәызиан уахь имҩа макьаназы иаркуп, ихатә финанстә ресурс имамзар.

Табаӷәуа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхразы аԥҟара ҿыцқәа ртәы>>

Аԥсуаа ҳалхратә компаниа аиҿкаашьа ҳазааҭгылозар, иубаратәы иҟоуп, алхрақәа рышьҭахь акадртә политика инаркны, зегь зыӡбо акандидат финансла адгылара изҭо шракәу. Иалырхуа ахада иҭахы, иҭахым, ԥарала адгылара изҭаз "рашәа иҳәалароуп", избанзар, дара рфинанстә уасхыр ауп шьаҭас иамоу амчрахь иара инеира.

Иахьатәи аамҭазы, ажәлар рӷьырак рзы ихадоу - ари акурортә сезон еиламырҩынткәа, абжьыҭара ҭынч амҩасроуп, уамак ргәы цыхцыхуа иазыԥшым дазусҭахарыдашь ахәбатәи Аԥсны ахада ҳәа, избанзар ирдыруеит ԥсахра дук шыҟамло, асезон азы идырҳаз инаҷыданы социалтә бзазарак шырзыԥшым…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0