Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба ақәыргыламҭа "Ацынҵәарах" азы: нап аркра гәаӷьыуацәан

© Sputnik / Томас ТхайцукАлиас Авидзба
Алиас Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспектакль "Ацынҵәарах" арежиссиор-ақәыргылаҩ Алиас Аҩӡба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аус адулара дшалагаз, аԥхьа ус еиԥш ахшыҩҵак иколлегацәа ишрыдыркылаз.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аҩӡба ақәыргыламҭа "Ацынҵәарах" иазкны

Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала лаҵара 22-23 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр аҟны Аҿар ртеатр ақәыргыламҭа аԥхьарбара мҩаԥнагоит. Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дыҟоуп Аҿар ртеатр актиор Алиас Аҩӡба.

"Ҳәара аҭахума игәаӷьыуацәан. Ароман "Ацынҵәарах" аӡбахә адунеи иахыҵәахьеит, адунеитә литература баҟаны иагәылагылоуп. Ашәара сыман. Аха иҟалалоит аамҭақәак Ҳазшаз ус агәаԥхара ануиҭо. Ароман аинсценировка алхра 7-8 мзы садхалеит. Асценари саналга, Аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы, аколлектив еизганы ирасҳәеит сыгәҭакы атәы. Азнаказы зегьы ацәшәеит. Ҳсахьаркыратә напхгаҩы Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа лхы алалырхәхьан ари ароман иалхыз аспектакль 1985 шықәсазы. Арежиссиор ду Терентиев иқәиргылахьан аспектакль, аха усҟан ахәаԥшцәа ирыдрымкылеит", - иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0