Иахьа 75 шықәса ҵуеит аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба диижьҭеи. Иара инаршьахьан Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара, Ажәларқәа реиҩызаразы аорден. Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит лаҵара 1, 2016 шықәсазы.
"Қарҭ даныҟаз (Сухишвили-Рамишвили рыхьӡ зхыз ансамбль аҟны дкәашон Кандид Ҭарба-аред.) данбаауеи ҳәа адәыӷба ҳазыԥшын. Иара акалашәа иҽеибыиҭон, иҭеиҭыԥшгьы бзиан. Данаалак, иԥылазгьы иԥымлазгьы зегьы ақьафурҭақәа рахь ҳиманы дцон. Кандид иуаҩра ҳаракын, ичеиџьыкагьы бзиан. Уа дахьыҟаз Қырҭтәылатәи ансамбль ду далан, ижәла имԥсахӡеит. "Аԥсуаа шыкәашо шәымбои, Кандид еиԥш шәкәашала" ҳәа Рамишвили лколлектив иралҳәон. Исгәаласыршәар сҭахуп хҭыск, Кандид Аԥсныҟа дааны аусура даналага, Баграт Шьынқәба ииубилеи Қарҭ иазгәарҭон. Иара ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз ансамбль аҟны балетмеистрс дыҟан. Ансамбль "Шьараҭын" акәашацәеи аҳәынҭқарратә ансамбль иалази Қарҭ ҳаргеит. Аномер акны еиқәыршәаны иҟан, Кандид иҟаиҵеит. Қарҭҭәи ансамбль ду ҳааигәа изымнеиӡеит, убриаҟара ибзиан ҳақәгылара. "Дикая дивизия взяла первое место" ҳәа ҳхылҳәааит ансамбль анаԥхгаҩы Рамишвили. Дыҩны азал аҟны Кандид дишьҭалеит ас шԥасзууоз ҳәа, ҳара асцена аҟынтәи ҳаччон. Кандид еиԥш акәашаҩ иабиԥараҟны дысгәалашәом", - иҳәеит Маршьан.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.