Вышински ажурналистцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Зеленски иаарту ашәҟәы ахьизырҩыз

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКирилл Вышински
Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса мшаԥымзазы 250-ҩык ажурналистцәа Зеленски ихьӡала иаарту ашәҟәы нарышьҭит Вышински ихы иақәиҭтәразы иахьиҳәо.

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иколлегацәа ашәҟәы рзиҩит? идгыларазы ҭабуп ҳәа раҳәауа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сколлегацәа, сҩызцәа! Уажәоуп иансоуз алшара, адгылара ду сыҭо Владимир Зеленски ихьӡала ижәҩыз ашәҟәы аҭакс ҭабуп ҳәа шәасҳәарц. Ажәала аҳәара уадаҩуп атекст знапы аҵазҩыз - Евгени Бекасов, Маргарита Симониан, Андреи Кондрашов, Евгени Ревенко, Георги Кателин, Андреи Медведев, Иулиа Быстрицкаиа, Евгени Поддубныи уҳәа егьырҭгьы рыхьыӡқәа рыжәлақәа анызба сшыҟалаз", - иҩуеит Вышински.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит хаҭала изымдыруазгьы дыззымдыруазгьы ауаагьы адгылара ахьирҭаз.

"Аҽазныкгьы зегьы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит иара.

Апортал "РИА Новости – Украина" ахада Кирилл Вышински идгыларазы акциа мҩаԥгахараны иҟоуп Москва иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа лаҵара 15 рзы.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Вышински идгылараз акциа мҩаԥгахоит Москва иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа

"Ҳара ааԥхьара ҟаҳҵоит ҳколлегацәа-ажурналистцәа, урҭ рыдагьы Кирилл илахьынҵа згәы иҵхо зегь рахь акциа шәҽалашәырхәырц ахаша асааҭ 10:00 рзы. Ҳашәзыԥшуп абри аҭыӡҭыԥ аҿы: Леонтьевтәи абжьаларҭа, аҩ. 18.", - ҳәа аанацҳауан уаанӡа МИА "Россия сегодня" апресс-маҵзура.

Апикет иалахәхараны иҟоуп ажурналистцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, азинхьчаҩцәа, ауааԥсыра. Урҭ ааԥхьара ҟарҵоит Украина анапхгара рахь, хаҭала Владимир Зеленски иахь Вышински ихы дақәиҭыртәырц.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Киевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит>>

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0