"Раԥхьаӡа ҳмузеи хада ауп уи акциа алахәхара аԥшьызгаз. Убасҟан аетнологиа аҟәшаҟны хаҭала ицәырзгеит аԥсуа ажәытә мелодиақәа, ашәақәа ирыҵаркуаз еиуеиԥшым атрадициақәа. Уи рхы аладырхәит ансамбльқәа, раԥхьаӡа акәны абжьы геит абыкь. Даара аинтерес аҵаны имҩаԥысит. Уи ашьҭахь ҳмузеи егьырҭ аҟәшақәагьы рхы аладырхәо иалагеит. Ҳмузеи аҟны шықәсык ҟәшак ахы иаднаҵон аунагӡатә аиҿкаара, аха сынтәа зегьы алахәуп. Аетнологиа аҟәшаҟны иӡырзгар сҭахуп апатефон. Уи азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭеи аҩажәатәи алагамҭеи зҵазкуа аамҭа еиднакылоит ҳәа сыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.
Шамԥҳа Sputnik арадио амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳа апатефон аҿакны абжьы дазлырӡырҩит. Илҳәеит уи фымцада аус шауаз, измаз аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны асоф иқәыргыланы ишадырҳәоз, агәыла-азла еизаны рыԥсшьара аамҭазы иазыӡырҩуан ҳәа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.