Апарламент аҿы иалацәажәеит Москвантәи иааз адырраҭара

© SputnikАпарламент
Апарламент  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа ичымазара иалацәажәеит Аԥсны апрокурор хадеи агәабзиарахьчара аминистри алархәны Апарламент аҿы.

Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба

Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит ахҭысқәа рымҩаԥысра еиҳарак изыхҟьо Бжьаниа игәамбзиаразы аинформациа маҷны иахьыҟоу ауп ҳәа.

Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада аоппозициаа ракциақәа ирыдҳәаланы аматериал аизгара иаҿуп

"Еиуеиԥшым ахыҭҳәаақәеи ацәажәарақәеи иалдыршеит Аслан Бжьаниа ахәшә ирҭеит ҳәа агәаанагара ашьақәгылара. Ари зегьы агәҭынчымра ҳазцәырнагоит", - иҳәеит иара.

Адепутатцәа апрокуратура хадеи агәабзиарахьчара аминистри рнапы ианырҵеит Аслан Бжьаниа игәамбзиара иадҳәало аҭагылазаашьақәа зегьы ныҭкааны иҭырҵаарц. Мышқәак раԥхьа аусҭҵааҩцәа Москваҟа иԥрит аоппозициа ахада иҭагылазаашьа аилкааразы.

"Апрокуратура хада ауаа дәықәнаҵеит Москваҟа, аҭыԥ аҿы иҟоу шыҟоу еилдыргарц азы. Атәыла ахада урыстәылатәи амаҵзурақәа иҽрыдҳәаланы аҳәара ҟаиҵеит ацхыраара рурц абри аус аҿы", - иҳәеит Кәарҷиа.

Иара иазгәеиҭеит апрокуратурахь ишаашьҭу аҳақьымцәа рофициалтә лкаа Аслан Бжьаниа игәабзиаразы.

"Ари адырра ахәшәыркра ҭыԥ амам ҳәа ишьақәнарӷәӷәоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Аԥсны апрокурор хада Зураб Ачба иазгәеиҭеит апрокуратура хада аусҭҵаараԥхьатә уснагӡатәқәа шымҩаԥнагаз.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы

"Ҳара Урыстәыла апрокуратура хадахьы азыҳәа наҳашьҭит. Ашәахьаҽны аусҭҵааратә гәыԥ иҟоу шыҟоу аилкаара напаланакит. Рҿахәы рҿыхуп еиуеиԥшым ахаҿқәа, ҳнапаҿы иаҳкуп аҳақьымцәа рофициалтә диагноз", - иҳәеит иара.

Апрокурор хада Буианов ихьӡ зху аклиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада илкаанҵа даԥхьеит. Уи инақәыршәаны Бжьаниа аполиневропатиа ҵар имоуп.

"Ари иҳауз аофициалтә диагноз ауп. Аамҭакала аусҭҵаарақәа мҩаԥган ихьшьцәа рганахь алагьы. Ҳгәыӷуеит хара имгакәа урҭ рдиагнозқәагьы ҳауп ҳәа", - иҳәеит Ачба.

Аԥсны ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-невролог Нара Иванԥҳа илоуз адокумент шьаҭас иҟаҵаны илҳәеит ари ачымазара аутоиммуннтә чмазароуп ҳәа.

"Ачымазара аетиологиа макьанагь иҭҵаам, иара ахәышәтәрагь уадаҩуп.

Ахәшәыркра атәы ҳҳәозар ари ачымазара асиндроми ашҳамыркреи сзеидҳәалом. Усеиԥш макьаназ хҭыск ҭыԥ амоуцт", - лҳәеит лара.

Аҳақьым илыднагалахьо ачымазцәа рчымазара мзызны иамаз авирустә инфекциа акәын. Адепутат Алмас Џьапуа азҵаара иҭиит хҩык ауаа аамҭакала еиԥшны ичмазаҩны ишԥаҟалеи ҳәа.

Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит

"Ҳәарада хҩык иаразнакы реицчымазара зҵаароуп, аха агәаҵәкра ҩбатәуп, иактәиу синдрома Гиена-Барре ауп", - лҳәеит Иванԥҳа.

Адепутат Лаша Ашәба анемец ҳақьымцәа Аслан Бжьаниа ишьаҿы ирбаз аметаллқәа рышьҭамҭа дазҵааит. Уи ашьҭахь Лаша Ашәба Кәарҷиа диазҵааит Бжьаниа ашҳам ирымҭеит ҳәа игәы иззанаго. Кәарҷиа иҳәеит аҟазауаа ргәаанагара шакәу ииҳәаз ҵаҵӷәыс иаҭоу.

Ари адокумент Бжьаниа ашҳам иҭамызт ҳәа азышьақәырӷәӷәом, ахҩык ачымазцәа ргәабзиараз адыррақәа аныҟалалак ашьҭахь ауп аиҿырԥшра аналшо ҳәа иҳәеит Алхас Џьинџьолиа.

"Алкааратә ҭак ҟазҵар зылшо амедецинатә експертиза ауп", - иҳәеит апрокурор хада.

Адепутат Дмитри Дбар агәра ганы дыҟоуп хҩык ауаа ргәы бзиа рхы бзиа аамҭакала еицчымазаҩхомызт ҳәа.

Аҳақьым Нара Иванԥҳа илҳәеит асиндром Гиена-Барр змоу Аслан Бжьаниа ахәшә иҭазаргьы ауан ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0