Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба аҵареи арепатриациази аминистррақәа реиқәшаҳаҭразы: ҳусура азакәан ԥшра аҳҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрреи Аҧсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аминистрреи рыбжьара нап зҵаҩҩу аиқәшаҳаҭра инамаданы иарбан зҵаарақәоу аус зыдулоу, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Какоба аҵареи арепатриациазыи аминистррақәа реиқәшаҳаҭразы: ҳусура азакәан ԥшра аҳҭеит

"Аҵара аминистрреи арепатриациазы аминистрреи аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩуаз гәҭакыс ирымаз азҵаарақәа иреиоуп: аԥхынтәи ашколтә лагерьқәа рҿы ҳџьынџьуаа рзы аҭыԥқәа рыҟаҵара. Аиқәшаҭра иҳанаҭоит азин зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа аҵараҿы ироуа ауадаҩрақәа рыӡбара, рҵаратә процесс ҳаиқәшаҳаҭны аиҿкаара. Иазгәаҭан иҳамоуп арантә ахәычқәа Ҭырқәтәылаҟа, хџьынџьуаа рынхашьа аилакааразы, уи абаразы рышьҭра. Сгәы иаанагоит ари аиқәшаҳаҭра ақьаад аҿы иаанымхап ҳәа, уаанӡа ӡбашьа змамыз азҵаарақәа рыӡбара алыршахап ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0