Шәачатәи аҳазалхыҩцәа изакәанымкәа аҳәаа иахыргоз атауар ааныркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРабота КПП Псоу
Работа КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фышә-ҭоԥ инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аиагара рыҽшазыршәоз иааныркылеит.

АҞӘА, лаҵара 31 — Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа ииасыз амчыбжь иалагӡаны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа аҭаҭын аалыҵ ахыгара зҽазызшәоз ааныркылеит.

© Foto / Пресс-служба сочинской таможни
Тайники с сигаретами - Sputnik Аҧсны
1/3
© Foto / Пресс-служба сочинской таможни
Тайники с сигаретами - Sputnik Аҧсны
2/3
© Foto / Пресс-служба сочинской таможни
Тайники с сигаретами - Sputnik Аҧсны
3/3
1/3
2/3
3/3

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииасуаз автомашьына "Honda Spike" аҟны агәаҭаратә уснагӡатәқәа раан иаарԥшын акцизтә маркақәа зқәымыз 117 ҭоԥ асигарет.

Амашьына зтәу, Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит аалыҵ Урыстәыла аҵакыраҿы абахҭа иҭаку ирзишьҭраны дшыҟаз.

Иара убасгьы арҭ амшқәа рзы иаанкылан автомашьынақәа "Toyota Markxzio" хԥа.

"Аҭаҭын ҭоԥқәа амашьынақәа рҿы иуҵәахыр ахьалшоз аҭыԥқәа зегьы рҟны иҵәахын. Аҳазалхыҩцәа иаадырԥшит 483 ҭоԥ. Атауар зегьы аҭиразы Урыстәылаҟа инаргон", - аҳәоит аусбарҭа апресс-маҵзура адырраҿ.

Атауарқәеи автомашьынақәеи аанкылоуп. Аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0