Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Актиор Жорданиа ироль азы: ас еиԥш ихьанҭоу уажәраанӡа исықәымшәацызт

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьамбул Жорданиа
Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақәыргыламҭа "Визит старой дамы" аҟны инаигӡо ахаҿсахьа инапахьы ишааигаз атәы.
"Актиортә рольк": Жорданиа ироль азы

"Ахьанҭарақәа шԥаҟам. Атеатр аиҳабы исықәҿиеит ҳәа ииҳәо макьана агәра сызгом усҟак, избанзар аԥшаара цоит. Атеатри акинои рҟны ароль ауаҩы иҭеиҭԥш анаалароуп. Снапы ианырҵаз ароль сеигәырӷьоит, ииашоуп, сусура аганахьала исгәамԥхақәо рацәоуп, гәыкала исылшо ҟасҵоит. Амала аусумҭа даара ихьанҭоуп, аҩбатәи апланқәа рацәоуп. Акы уҳәоит, аха ҩнуҵҟала угәы иҭоу зладурбашагьы уԥшаароуп", - иҳәеит Жорданиа.

Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟны аспектакль "Визит старои дамы" аԥхьарбара мҩаԥысуеит рашәара 6-7 рзы. Аспектакль ықәиргылеит арежиссиор Антон Киселиус.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0