АҞӘА, рашәара 6— Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иӡыригеит америкатәи иколлега Џьон Керри иареи 2014 шықәсазы реицәажәара.
2014 шықәса мшаԥымзазы ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Џьон Керри ажәалагала ҟаиҵеит Ҟрым алахьынҵа аӡбаразы ареферендум еиҭамҩаԥгатәуп ҳәа.
"Зегь еилкаауп. Ҟрым ауааԥсыра ишырҭахыз иҟалеит, аха уи ашьақәырӷәӷәаразы даҽа референдумк мҩаԥыжәга", - ҳәа Керри иажәақәа еиҭеиҳәоит Лавров.
Москва ари ажәалагала "иаԥсам" ҳәа иашьеит.
"Зегь еилкаазар, ауаа еиҭах абжьыҭирахь изнацатәузеи", - рҳәеит.
"Сгәыӷуеит Џьон ҳамаӡақәа ахьцәырызго дақәыӡбарым ҳәа", - иҳәеит Лавров, иагьациҵеит Керригьы имемуарақәа рҿы акыр амаӡақәа шааирԥшхьоу.