Мраҭашәаратәи Ермантәыла Аԥсны иаиааит 4:1 ҳәа

© Foto / Федерация футбола АбхазииАԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи рыхәмарра
Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи рыхәмарра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аегида иаҵанакуа Европа Ачемпионат афиналбжазтәи ахәмарра Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи рыбжьара имҩаԥысит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 6 рзы.

Sputnik, Бадри Есиава

Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи иеизгоу ркомандақәа рыбжьара афиналбжазтәи ахәмарра Степанакерт астадион аҟны имҩаԥысит, уи азҿлымҳара арҭеит шәҩыла ахәаԥшцәа.

Ахәмарра ишалагазҵәҟьа Мраҭашәаратәи Ермантәыла акоманда ҳамба ҩынтә иажәлеит, аха ҳара ҳамбахьчаҩ Инал Қацәба урҭ иаарышьҭыз ампылқәа ааникылеит. Аԥснытәи ашьапылампыласцәа уи ашьҭахь ижәылан, ажәабатәи аминуҭ азы аерманцәа рымба ампыл ҭадыршәит. Уи зылшаз 12-тәи аномер ахьчаҩбжа Алан Хугаев иоуп. Мраҭашәаратәи Ермантәыла акоманда уи ашьҭахь аҽарӷәӷәо иалагеит. Уеизгьы, еиҳа аԥыжәара змаз ралкаара уадаҩын.

Алада Уаԥстәыла абираҟ - Sputnik Аҧсны
Алада Уаԥстәыла Чамериа иаиааины Европа Ачемпионат ConIFA-2019 афинал ахь инеит

Аха 33-тәи аминуҭ азы аԥсуа шьапылампыласыҩ амба аԥхьа аԥҟарақәа ахьеилеигаз иахҟьаны, аӡбаҩ апенальти азы адҵа ҟаиҵеит. Аерман хәмарыҩ уи ҳамба иагьҭаиршәит.

Еиҭахарала иахьааиуаз иаҿмырԥшкәа, аҩкомандакгьы еиҩызарала ахәмарра аадырԥшуан. Еицәхасцыԥхьаӡа, аӡә дкаҳацыԥхьаӡа, урҭ рнапқәа еимырдон, еицхыраауан.

Абасала, актәи азбжа 1:1 ҳәа ихыркәшахеит.

Аҩбатәи азбжа актәи шалагаз иеиԥшхеит. Изныкымкәа ашьапылампыласцәа жәылон, аха, лҵшәада. 52-тәи аминуҭ аан аерман хәмарыҩ аԥҟара еилеигеит аԥсуа хәмарыҩ иганахьала. Уи азы иоуит аҩежь карточка. 55 аминуҭ аан Аԥсны акоманда амба аҿаԥхьа ишәарҭаз аҭагылазаашьа ҟалеит. Аха Инал Қацәба ҩаԥхьа амба ихьчеит.

58 аминуҭ азы Аԥсны акомандаҟны раԥхьатәи аԥсахра ҟалеит, адәахьы дцәырҵит Ҭемыр Агрба Ҭарашь Ҳагба иҭыԥан. Абри аамҭазы аерман команда аԥыжәара иаҳа иаго иалагеит.

69 аминуҭ азы Гига Бениӡе дрыԥсахит виктор Ԥимԥиа ила. % минуҭк рышьҭахь Данило Арӡынба дцәырҵит Дмитри Маскаев ихаҭыԥан. 80-тәи аминуҭқәа раан Гәдиса Смыр дцәырҵит Асҭамыр Ҵышәба иҭыԥан.

Ахәмарра анҵәамҭазы ахәмарыҩцәа шааԥсаз убарҭан. Аӡбаҩ аамҭа хада даҽа 2 минуҭк ациҵеит, аха аӡәгьы уаҳа ампыл изҭамыршәит.

Ииасит апенальтиқәа рсериахь. Ара аԥсуа команда иақәымҿиеит. Зныкгьы ирызҭамыршәкәа зныкгьы ирзаанымкылакәа ихыркәшахеит 3:0 ҳәа. Ахәмарра зегьы алҵшәа 4:1 акәхеит Мраҭашәаратәи Ермантәыла аиааирала.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа ConIFA шьаҭаркын рашәара 7 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA иалам 40 команда.

Ажәабжьқәа зегьы
0