Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Ииаcыз амчыбжь азы Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа рҿы афатәҟаҵара еиҭаркит. Аҳҭнықалақь Аҵара аусбарҭа, адиетологцәа, аҳәынҭстандарт ахаҭарнакцәа ирыӡбеит еиҳа агәабзиара иазеиӷьу афатә алагалазарц ахәыҷқәа рыкрыфара-чара.
"Ахәыҷбаҳчақәа рҿы афатә аиҭакра иаалырҟьаны ихәыцу акакәым. Ахәыҷқәа еиҳа акалори злоу афатә рымазарц ауп хықәкыс иҳамоу. Ишыжәдыруа еиԥш, зықәра маҷугьы ачымазарақәа рызцәырҵуа иалагеит. Ауаҩы даныхәыҷу икрыфара зеиԥшроу иахьыԥшуп дандухалак игәабзиара аҭагылазаашьа", - лҳәеит Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, уажәы шьыжьхьа еиҿкаауп еиуеиԥшым ақашьқәа, ача, ахәша, ачаи рыла.
"Ҳара ахш еиҵаҳтәыр ҳҭахуп, избанзар уи дәқьантәуп. Ақашьқәа хшыла рыҟаҵара еиҵаҳтәуеит мчыбжьык ахь ҩынтә рҟынӡа", - лҳәоит лара.
Уи адагьы, афатәхкқәа ауҭраҭых еиҳа ирацәаны иалагалахоит ҳәа азгәалҭоит Адлеиԥҳа.
"Иара убасгьы ҽнак иалагалахар ҟалоит акәтаӷь жәны, анаша, аҷых, аиаҵәара ацҵаны. Мчыбжьык ахь знык акакао рыдаагаларц ҳҭахуп, егьырҭ амшқәа рзы ачаи, акефир", - лҳәоит Аусбарҭа аиҳабы.
Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп ачашыла иалху ача ашылала иҟаҵоу ала ирыԥсахырц.
"Амениу аԥсахра ахәыҷқәа ибзианы ирыдыркылеит. Амгьал акәзар, ача излеиԥшым аҵәырса алам", - лҳәоит лара.
Адлеиԥҳа: ахәыҷы ифатә ахаҭабзиара шаҟа иҳараку аҟара игәабзиара иазеиӷьуп>>
Амениу ҿыц шьақәырӷәӷәахар, ахәша рыҭарагьы еиҳа ирмаҷхоит ҳәа азгәалҭеит Адлеиԥҳа.
"Ииасыз амчыбжь азы ахәыҷбаҳчақәа рхадацәа, адиетологцәа, асанитар-епидемиологиатә станциа аусзуҩцәа ааҳаԥхьеит. Атема иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит. Ари иаанаго аекономиа аҟаҵара акәӡам, ахәыҷқәа ргәабзиара ахылаԥшроуп", - лҳәеит лара.
Амениу ҿыц макьаназ ишьақәырӷәӷәам. Уи иҵегьы аус адулатәуп.
Аҟәа ақалақь аҿы аус руеит 13 хәыҷбаҳча. Уахь иныҟәоит 1700-ҩык ахәыҷқәа. Хәыҷык мышкы ифатә иақәхарџьхоит 85 - 95 мааҭ.
Лиудмила Адлеиԥҳа лажәақәа рыла, амениу аԥсахра абиуџьет иацнаҵом.
"Ҳара уаанӡатәи абиуџьет ҳаҽҭаҳагӡоит. Амениу рыдкыланы, ҽааны ишьҭыхтәхар, абиуџьет шьҭаҳхуеит", - лҳәеит лара.
Аҳақьым, агастроентеролог, адиетолог Аелита Шьакаиаԥҳа уажәтәи ахәыҷбаҳчақәа рмениу уамак илгәаԥхом, лара лажәақәа рыла, иҟоуп иурмаҷша афатә аалыҵқәа.
"Иаҳҳәап, шьыжьнаҵы ахәыҷқәа ашьақар рацәа роуеит, ачеи ахәшеи – аригьы углеводуп. Иаразнакы рыфара-чара ҳзыԥсахуам, уи рызрыдымкылар ҟалоит, аха маҷ-маҷ еиҭактәуп", - лҳәеит аҳақьым.
Аҟәа ақалақь асанитар ҳақьым хада Алла Белиаева иазгәалҭеит амениу ҿыц алагаларазы азыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥгатәуп ҳәа.
"Ара хымԥада иаҳаԥсахуа афатәхкқәа еибакапануазароуп реилазаарала, рхәарҭарала. Даара иазхәыцны иазнеитәуп. Ԥышәарак аҳасабала хәыҷбаҳчак алхны, арҭ аиҭакрақәа алаҳгалоит", - лҳәеит лара.
Уи адагьы, ахәыҷқәа мап зцәырымкуа афатә рыдгалалатәуп ҳәа лгәаанагара лҳәоит Белиаева.
Иара убасгьы аҭаацәа идеилыркаатәуп амениу аԥсахра шхымԥадатәиу, иара убас, 85-95 мааҭ рыла иҟауҵаша усҟак ирацәам азы, Ақалақьтә еизарахь ари ахарџь иацырҵарц ҳәа аҳәара шыҟарҵо азгәалҭоит аҳақьым хада.
Ахәыҷбаҳча "Амра" аиҳабы Тамара Скидина илҳәеит напхгара зылҭо аусҳәарҭаҿы аексперимент маҷ мышкы ишымҩаԥгаз – ахәыҷқәа ача ацынхәрас амгьал рыдгалан.
"Ахәыҷқәа рахьтә аӡәымзарак мап ацәимкит иаҳҭаз. Амениу ҿыц хәарҭозар, ҳара уи анагӡара ҳазыхиоуп", - лҳәеит лара.
Абри аҩыза агәаанагара лымоуп ахәыҷбаҳча "Аԥра" аиҳабы Диана Конџьариаԥҳагьы.
"Ҳәара аҭахума, ари аидеиа ҳадгылоит. Ахәыҷқәа ибзианы ирыдыркылеит ԥышәарак аҳасабала иҟаҵаз аԥсахра, убри аҟнытә амениу еиҭаркуазар, мап ҳкуам", - лҳәоит лара.