Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит "Мстители. Финал" инарҭбаау аверсиа

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраMarvel
Marvel - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Человек-паук: Вдали от дома" аекран ахь ианынарышьҭуа аламҭалазы ахәаԥшцәа ирыдгалахоит "Мстители. Финал" инарҭбаау аверсиа.

АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аилахәыра Marvel Studios ахада Кевин Фаиги еиҭеиҳәеит америкатәи афантастикатә фильм "Мстители: Финал" иааиуа амчыбжь азы акинотеатрқәа рахь инагахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Иара иажәақәа рыла, аверсиа ҿыц аҿы актәи афильм иаламыз асценақәа дырбахоит.

"Иааиуа амчыбжь азы афильм ахәаԥшцәа инарҭбаау аверсиала ирыдгалахоит", - иҳәоит Фаиги.

"Мстители: Финал" еизнагахьеит 2,743 миллиард доллар. Араҟа иара иаԥызго 2,788 миллиард доллар еизызгаз Џьеимс Кемерон иҭыхымҭа "Аватар" заҵәык ауп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0