Аҳәааҿы анаркотикқәа ахызгоз ахаҵа дааныркылеит

© Sputnik / Елена НездоровинаГраница Псоу
Граница Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҟны анаркотикқәа ахызгоз ахаҵа дааныркылеит.

АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикқәа аҳәаа иахызгоз ахаҵа автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы дааныркылеит,  ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Контрабанда сигарет в тачке на Псоу, 3 июня 2019 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәылауаҩ изакәанамкәа аҭаҭын ахыгара иҽаназишәоз аҳәааҿы даанкылоуп

40-шықәса зхыҵуа ахаҵа игәаҭараан иеиқәа аџьыба иҭырхит аилаҳәара. Ахаҵа иҿы иқәшаҳаҭхеит аилаҳәара анаркотикатә маҭәашьар "соль" ҳәа изышьҭо шылаԥсо азы. Уи схазы иаазгоит", - иҳәеит иара.

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аилаҳәара илаз аексперт-криминалисттә ҟәшахьы инарышьҭит ахимиатә експертизазы.

"Аекспертиза ишьақәнарӷәӷәеит аилаҳәара илаз шнаркотикатә маҭәашьарыз— N-метилефедрон шакәыз", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Еизго аматериалқәа ашьаус ахацыркразы Шәача ААР ахь инашьҭуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0