Ҩ -гәыԥкны қәрала еихшаз анагӡаҩцәа рҟынтәи иалкаан хҩык-хҩык ашәаҳәаҩцәа. Аиҳабыратә гәыԥ аҿы актәи аҭыԥ нылкылеит Очамчыратәи ашәаҳәаҩ Валериа Ԥерцхелиаԥҳа, аҩбатәи аҭыԥ - Леван Пхалаӡе, ахԥатәи - Николь Анқәабԥҳа. Аиҵбыратә гәыԥ аҿы актәи аҭыԥ нылкылеит Валериа Кетиаԥҳа, аҩбатәи - Алан Кархалаа, ахԥатәи - Алиса Быҭәԥҳа. Ахәаԥшыҩцәа раԥхьахә ланашьахеит Рада Кәыҵниаԥҳа.
Актәи аҭыԥқәа зауз анагӡаҩцәа ироуеит алшара рхатә клипқәа ҭрыжьрацы.