Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит избан Аҟәа аӡҵиаа хлорелла зҭырҵаауа

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринстутут аҿы аӡҵиаа хлорелла ааӡара иалагеит. Уи хықәкыс иамоу атәы, насгьы аҭҵаарақәа иаадырԥшуа атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа.
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит избан Аҟәа азҵиаа хлорелла зҭырҵаауа

"Хлорелла захьӡу аӡҵиаа, ауаҩыи аԥсабареи рзы ихәарҭоуп. Ачымазарақәа жәпакы ахәшәтәуеит, аӡқәа арыцқьоит, аԥсыӡқәа рзгьы ифатәуп, иазгәаҭоуп усҟан дара еиҳагьы ибзиан ишыҿио. Хлорелла аӡы ақыҭанхамҩаҿгьы ухы иаурхәар алшоит. Уи зырҭо аиҭаҳатә аҽаҩра бзиа унаҭоит. Аӡҵиаа ганрацәала ухы иаурхәар ҟалоит", - лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Сариа хаҭала хлорелла иалху аӡы гьама лбеит. Уи гьама ҷыдарак амам ҳәа азгәалҭеит. 

"Аӡыи иареи иахьеиԥшым ҳәа сымбеит, гьымала ӡык иаҩызоуп. Аԥхьа уи аӡы аҭҵаарақәа ианырҿыз амаамынқәа ирырҭон, анхацәа ауҭраҭых ааӡараҿы рхы иадырхәарц ирырҭон, анаҩс урҭ аӡҵиаа иабзоураны имҩаԥысуаз аҽеиҭакракәа гәарҭон, уи азы аҵарауаа адырра рырҭон. Хлорелла макьана аинститут аҿы иҭырҵаауеит, еиҭа иамоу аҷыдарақәа ртәы аилкаара иаҿуп", - азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0