Аԥсны Афинансқәа рминистрра Амилаҭтә банк абиуџьеттә кредит азоунажьит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмааҭ
Амааҭ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк Урыстәыла иазаанашьҭыз 500 миллион мааҭ хәыда-ԥсада иҟанаҵаз цхыраароуп. Иааизакны, Аԥсны абиуџьет аҟны аурыс цхыраара иартәоит 50-70%.

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа реилатәараҿы рыбжьы рҭиит 2018 шықәсазтәи Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк абиуџьеттә кредит аҭаразы" аԥсахрақәа алагаларазы.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аԥсны абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы иацырҵоит

2018 шықәса анҵәамҭазы, Аԥсныи урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа 17-тәи аилатәараан иӡбан 500 миллион мааҭ Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә биуџьет биуџьет аҟынтәи Аԥсныҟа ишаашьҭхо абанктә система арзҩыдаразы. Убри аан аиагаразы аилаӡарақәа еилкааны напы рыҵаҩымызт.

Аҩганк иҟарҵаз ажәалагалала, Аминистрцәа Реилазаара аилатәарахь ицәырган урҭ ахархәагақәа раиура аҭагылазаашьақәа рзы азҵаара. Уи инақәыршәаны 126 миллион 700 нызқь мааҭ Амилаҭә банк арзҩыдарахь инашьҭхоит, 373 миллион 300 нызқь мааҭ - изгымхо цәынханы Амилаҭтә банк аԥхьаӡамҭаҟны иаанхоит.

"Амилаҭтә банк аликвидтә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргыларазы, иара убасгьы абанктә усура хра еиҳа иаманы аҟаҵаразы ажәалагала ҟаҵоуп 2018 шықәса рзы Амилаҭтә банк иарҭо абиуџьеттә кредит акорректировка азуразы, анапы зҵаҩу аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны", - иҳәеит Аԥсны Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Амилаҭтә банк иазаанашьҭыз 500 миллион мааҭ хәыда-ԥсада иҟанаҵаз цхыраароуп иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0