Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: Ацуныҳәаҿы ачыс хааи аҩи адыргаломызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашәба
Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхын, ишаԥу еиԥш, аԥсуаа имҩаԥыргоит Ацуныҳәара. Анхацәа раарыхра бзиахарц азы Анцәа иахь рхы рханы иныҳәоит. Ацуныҳәа иацу акәамаҵамақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аетнолог, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Ашәба: ацуныҳәаҿы ачысхааи аҩи адыргаломызт

"Ӡиаск ма кәарак ахықә аҿы иҟоу дәҳәыԥшк аҿы ашьтәа рыманы инеиуеит хәыҷи-дуи. Аишәа иахатәаны акәӡам, араса мамзаргьы ал ҿаны, рыфатә абӷьы ианҵаны ирфон. Уи аԥхьа мрагыларахь иҿы рханы, ишьҭахь ала ахәыҷқәа абыргцәа иваргыланы, амҵ ԥыруазар иуаҳауа дныҳәон. Уи нахыс "амин" ҳәа ҳәаны, хынтә арӷьарахь игьежьуеит. Уи иаанаго рарӷьажәҩа ԥхьаҟа ицоит, ус анакәха, аӡлагара шыгьежьуа еиԥш. Ацәашьы иара иоуп иҟазҵо, ахәажәақәа ракәзар, аҳәса цәқьақәа роуп иҟазҵо. Иахьа иадыргало ачыс хаақәа мамзаргьы арыжәтә зынӡаск иҟаӡамызт. Абысҭа, акәац, аџьыка, ачахәажә - уаҳа акгьы", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба. 

Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иажәақәа рыла, зегьы ныҳәан ианалгалак, аӡы еиқәырҭәоит, аха аҩашьара ҟамлароуп, Ацуныҳәеи Ӡиуауеи хазуп, зынӡаскгьы еиԥшӡам.     

Иаҳа инарҭбааны ажәабжь шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиоподкаст аҿы. Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0