"Раԥхьатәи аетап азы аҭӡы ахы инаркны аҵыхәанӡа ҳныҟәаны иаҳшәар ҳҭахуп. Абаашқәеи аҭӡы ахьыҟоу аҭыԥқәеи шьақәҳарӷәӷәарц ҳгәы иҭоуп. Аҩбатәи аетап аҿы имҩаԥаагарц ҳҭахуп археологиатә ԥшаарақәа х-обиектк рҿы. Ашьҭахь аматериал иҳауз аус адаҳулоит. Аҭӡы аҭоурых аинтерес амоуп, азеижәтәи ашәышықәса инаркны иахьа уажәраанӡагьы аҭҵаара иаҿуп. Зегь реиҳа ихадоу аусура мҩаԥызгаз дреиуоуп Иосиф Аӡынба, Иури Воронов. Аҵарауаа изларҳәо ала аҭӡы Тҟәарчал инҵәоит, аха иҟоуп агәаанагара Егры аӡиас иаваршәны амшынынӡа илбаауеит ҳәа. Ҳара уажә аԥхьа Гал иҳамаз аекспедициақәа рҿы иҳаԥшааит 500 метра инеиуа ахаҳә еиқәҵашьала аԥсуа баагәара еиԥшу аҭӡы, аха макьана инҭкааны иҳалшом уи иароуп ҳәа аҳәара", - иазгәеиҭеит Ҟаиҭан.
Аҵарауаҩ қәыԥш иажәақәа рыла, аҭӡы аҭҵаара аус аҿы аартрақәа ҟалап ҳәа агәаанагара имоуп. Иара аԥсуа ҭоурых азы даара акрызҵазкуа баҟоуп, иҭҵаатәуп аҭоурых ианхалартә еиԥш ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Ҟаитан Аԥсуа баагәара ду аҭҵааразы: аартрақәа ҳауп ҳәа сгәыӷуеит
19:41 30.06.2019 (ирҿыцуп: 21:09 30.06.2019)
© SputnikШандор Ҟаитан
© Sputnik
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аусзуҩ Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аԥсуа баагәара ду аҭҵаара" апроект иҭагӡаны иарбан усурақәоу имҩаԥгахо.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҟаитан Аԥсуа ҭӡы иазкны