Чехиа урыстәылатәи авиаеилахәырақәак атәылахь рнеира ԥнакит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧехия, Прага. Архивное фото.
Чехия, Прага. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Чехиа урыстәылатәи атуристцәа ирзыԥшуп, 2018 шықәса рзы атәыла иаҭааит миллионбжак рҟынӡа атуристцәа Урыстәылантәи.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Прага урыстәылатәи авиаеилахәырақәак атәылахь рнеира ԥнакит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла уи зыхҟьаз ареисқәа Czech Airlines Сибра иахыԥрааны Сеулҟа рцара азҵаара ахьышьақәмыртәахаз ауп.

Урыстәылатәи аҳаиртә еилахәыра "Аэрофлот", аҳаиртә еилахәыра "Победа" ("Аэрофлот" агәыԥ иаҵанакуеит) рреисқәак Москвантәи Карловы Вары ахь иаанкылоуп, иаанкылоуп Чехиаҟа Екатеринбургнтәи аилахәыра "Уральские авиалинии" ареисқәакгьы.

""Аэрофлот" ареисқәа зегь рымҩаԥгара шалшогьы чехословакиатәи анапхгара аӡбра рыдыркылеит ареисқәа рымҩаԥгара азин ҟаҵамзарц", - ҳәа ахҳәаа ҟанаҵеит аҭагылазаашьаз "Аэрофлот".

Убри аан ареисқәа зегьы аанкылам. Урҭ рыцхыраарала иԥку ареисқәа рпассаџьырцәа Прага ма Москва инаргоит.

Прагантәи Москваҟа ареисқәа назыгӡо еилахәыраны иаанхеит "Чешские авиалинии". Урҭ Шереметьево аҟынтәи мышкахьы ҩынтә иԥыруеит.

Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа Ахеилак аҟны иҟоу аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьабаров РИА Новости иазеиҭеиҳәеит иҟоу ахҭыс аполитикатә ҵаҵӷәы амам ҳәа.

"Аилибамкаара ыҟазар ҳаиҿцаароуп, ҳаилацәажәароуп. Сгәы иаанагоит лассы зегь ҭышәынтәалоит ҳәа", - иҳәеит иара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0