Џьапуа аепикатә фестиваль азы: Аԥсны аҿахәҳәара ҳалшеит
"Ахәбатәи Адунеизегьтәи ауаажәлар репикатә фестиваль Бишкек имҩаԥысуан. Афестиваль иалагӡаны аҭҵаарадырратә симпозиум мҩаԥган. Сажәахә азкын Нарҭаа репос аҟны акультуратә фырхаҵа, уи ироль аарԥшышьа. Асекциатә еилатәарақәагьы еиҿкаан, сара имҩаԥызгон. Афорум аҟны иалукааша ҳәа исԥхьаӡо адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҵарауаа рацәаны иалахәын. Ас еиԥш аиқәшәара аҵак ду аман, адунеи аҟны аепикатә традициақәа иахьа ишҭырҵаауа ҳаҳаит. Уи са сзы ихадаран, аҩбатәи ахықәкы - аҳәынҭқарра рацәа рхаҭарнакцәа ахьыҟаз Аԥсны аӡыргара, аҿахәы аҳәара. Нарҭаа репос иазкны азҵаарақәа рацәаны исырҭеит", - иҳәеит Џьапуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.