Џьубгатәи арыцҳара ашьҭахь Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рҟәарақәа гәарҭоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәача
Шәача  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 5 рзы Џьубга иахьаҵанакуа амшын аҿы иӡааҟәрылеит 12 ҭыԥ змаз, аха 55-ҩык мҩанызгоз ашхәа. Усҟан ҩыџьа аҳәса ҭахеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Џьубгатәи арыцҳара ашьҭахь Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рымшын аҟәарақәа агәаҭара иахрыжьраны иҟоуп ҳәа РИА Новости иазаалыцҳаит Аладатәи атранспорттә прокуратура апрокурор ицхырааҩ еиҳабы Инесса Кузнецова.

"Аладатәи атранспорттә прокуратура арегион аҿы амшын аҟны аӡсара ашәарҭадаразы азакәанԥҵара ақәныҟәашьазы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит", - лҳәеит Кузнецова.

Ааигәа Тҟәаԥстәи араионтә ӡбарҭа ҩымз ҳәа дааннакылеит ашхәа "Атолл" зырныҟәоз ахаҿы.

Ахәашаҽны Амшынеиқәаҿ иӡааҟәрылеит 12 ҭыԥ змаз, аха 55-ҩык мҩанызгоз ашхәа. Абри иахҟьаны иҭахеит Мордовиеи Белгороди руааԥсыра ҩыџьа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0