Аԥсны ААР ахьыԥшымра азхаҵара мап ацәкразы: иаабац хымҩаԥгашьоуп

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗамглавы миссии ОБСЕ на Украине А. Хуг посетил Александровскую школу
Замглавы миссии ОБСЕ на Украине А. Хуг посетил Александровскую школу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ОБСЕ Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла имҩаԥнаго аполитика иадгылоит, аимак аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа иԥхьаӡаны, убри инамаданы ОБСЕ ԥхынгәы 6 рзы ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәкызарц.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Апарламенттә ассамблеиа Аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы аилак Урыстәылахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәкызарц. Убри аан иазгәаҭан азхаҵара азакәаншьаҭа амамызт ҳәа. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра абри ааԥхьара ахҳәаа анаҭеит.

Левон Галустиан - Sputnik Аҧсны
Галустиан: ОБСЕ иаднакылаз арезолиуциа Қырҭтәыла аҭахрақәа роуп иззырхоу

"Ақырҭуа делегациа иазнархиаз арезолиуциа апропагандатә штамп змоу адокументқәа роуп шьаҭас иамоу, уи адагьы ихшыҩҵакыдоу ааԥхьара ҟанаҵоит", - аҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз арезолиуциа ахҳәаа.

"Аԥсны, Қырҭтәыла, арегион Цхинвал/Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ауаҩытәыҩса ишәарҭадареи изинқәеи рҭагылазаашьа" ҳәа хьӡыс измоу адокумент апроект азлырхиеит ақырҭуа депутат Софиа Кацарава.

"Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылатәи Афедерациахь ааԥхьара ҟанаҵоит жәларбжьаратәи азин анормақәеи апринципқәеи ирықәныҟәаны азакәаншьаҭа змам Қырҭтәыла адгьылҵакырақәа рхьыԥшымразы аӡбара мап ацәнакырц", - аҳәоит абри апроект инақәыршәаны ОБСЕ иаднакылаз адокумент аҿы.

"Угәы унархьуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара Аԥсны иқәынхо, милаҭрацәала еилоу ажәлар рыгәҭыха шаанарԥшуазы аилакаара ахьыҟам", -  аҳәоит аминистрра ахҳәаа.

Первый замглавы СММ ОБСЕ на Украине А. Хуг посетил г. Ясиноватая в Донецкой области - Sputnik Аҧсны
ОБСЕ Урыстәыла аанаԥхьоит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәнакырц

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазгәарҭеит иара убасгьы Қырҭтәыла инанашьҭуа адокументқәа рыгәра ганы ОБСЕ атәылақәа рпарламентарицәа аиҿкаара зықәныҟәаша апринципқәа шеиларго.

"Иазаҳаԥхьаӡоит апарламентарицәа ақырҭуа-аԥсуа еимакы еиҳа шьаҭанкыла аҭҵаара рҭахызҭгьы ирыдыркылоз аӡбрақәагьы еиҳа ииашаны ирыдыркылозаарын, ақырҭуа прапогандагьы асеиԥш анырра рнаҭомызт", - азгәарҭеит Аԥсны ААР аҟны.

Аԥсны Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Левон Галустиан ОБСЕ иаднакылаз арезолиуциа ахҳәаа аҭо, иҳәеит Мраҭашәара агеноцид зхызгаз Аԥсны ажәлар рхьаа адыруазар ахәҭоуп ҳәа. Апарламенттә ассамблеиа аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы аилак Урыстәылахь Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәнакырц иҟанаҵаз ааԥхьара ганк аинтересқәа заҵәык роуп изызку ҳәа ҳәа азгәеиҭеит иара.

"ОБСЕ аӡбамҭа Қырҭтәыла агәы иахәандаз ҳәа ауп ишрыдыркылаз. Асеиԥш аҩаӡара змоу жәларбжьаратәи аиҿкаара абри еиԥш аҳәамҭа ахьыҟанаҵо угәы унамырхьыр алшом", - иҳәеит Галустиан.

Апарламенттә ассамблеиа аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы аилак Урыстәылахь Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәкызарц ааԥхьара арезолиуциа рыдкылан амҽыша, ԥхынгәы 7 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0