Британиатәи аҳаирплан-ԥшыхәыҩ Новороссииск ааигәара ирбеит

© © Фото : предоставлено пресс-службой РКСВид Севастополя из космоса
Вид Севастополя из космоса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра НАТО атәылақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аԥшыхәратә операциақәа рымҩаԥгара мап ацәыркырц, аха алианс аштаб-квартираҿ уи зхьаԥшра арҭом.

АҞӘА, ԥхынгәы 9– Sputnik. Великобританиа арра-ҳаиртә мчрақәа рыԥшыхәратә ҳаирплан Урыстәыла амшынеиқәатә ҵакыра ааигәара аԥшыхәра мҩаԥнагон ҳәа аанацҳауеит амониторингтә ресурс Plane Radar.

Апортал адыррала, арадиоԥшыхәыҩ Bombardier Global Express Sentinel R.1 (аборттә номер ZJ694 RRR7308) Новороссииск иахагьыжьит амшынцәаҳәаҟынтә 61,3 километр бжьаны.

Асааҭ 07:50 рзы аҳаирплан Севастополь араион иахыԥрааит амшынцәаҳәаҟынтә 100 километр бжьаны. Абри ашьҭахь иара ахьышьҭыԥрааз абаӷәазахь ихынҳәит.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Урыстәыла аҵакыра ааигәара асеиԥш иҟоу аҳаирплан-ԥшыхәцәа рбо иалагеит.

2018 шықәса иалагӡаны арадио-техникатә ар иҭарыԥшыхәхьеит 980 нызқь аппарат. Урҭ рҟынтәи х-нызқь рҟынӡа аҳаирплан-ԥшыхәцәа роуп.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра НАТО атәылақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аԥшыхәратә операциақәа рымҩаԥгара мап ацәыркырц, аха алианс аштаб-квартираҿ уи зхьаԥшра арҭом.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0