Путини Зеленскии раԥхьаӡа акәны ҭелла еицәажәеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ахада Владимир Путин
Урыстәыла ахада Владимир Путин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аганқәа алацәажәеит украинатәи амшынуааи егьырҭ Украина атәылауааи рхақәиҭтәра азҵаара.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина ахада Владимир Зеленски ҭелла диацәажәеит. Аицәажәара мҩаԥган украинатәи аган аԥшьгамҭала. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Владимир Путин Оливер Стоун изеиҭеиҳәеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿтәи ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Владимир Путин Оливер Стоун изеиҭеиҳәеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿтәи ахҭыс

Аганқәа алацәажәеит Украина алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, атҟәацәа реимдара, украинатәи амшынуааи егьырҭ Украина атәылауааи рхақәиҭтәра азҵаарақәа.

Иара убасгьы иалацәажәан нормандтәи аформат алахәылацәа реинырра азҵаара.

"Ихадоу акакәны азхьаԥшра аҭан амшынуаа рхақәиҭтәра", - ҳәа азгәаҭан Украина ахада ипресс-маҵзураҿгьы.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Ирбаандаҩу украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара иацҵоуп>>

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0