Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит аҭоурыхтә хҭыс атәы еиҭазҳәо афотосахьа шыҟаҵаз

© Фото : Есиава БадриЗалита Ҭаркьылԥҳа
Залита Ҭаркьылԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хынҩажәа шықәса раԥхьа уажәааны Аԥсны дааны дыҟан Вьетнам раԥхьатәи ахада Хо Ши Мин. Дәрыԥшь ақыҭан, Ҭаркьылаа рҭаацәара дсасны дырҭан. Аҭоурыхтә хҭыс атәы еиҭазҳәо афотосахьа шыҟаҵаз арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, афото иану, усҟан аамыз зхыҵуаз Залита Ҭаркьылԥҳа.
Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит Вьетнам раԥхьатәи ахада Хо Ши Мини лареи зну афотоҭыхымҭа шыҟаҵаз

"Саныхәыҷыз ари афотосахьаҿы сызку аҭаҳамада дазусҭада ҳәа сҵаауан. Анаҩс исзеиҭарҳәеит уи ахҭыс шыҟалаз. Арныҟәага сҭагылан ашҭаҿы. Усҟан аамзы ракәын исхыҵуаз. Вьетнамтәи аделегациа ашҭа ианааҭала, сабду Меқьҭаҭ аԥхьа даагыланы асасцәа аԥсшәа реиҳәеит. Сара арныҟәага сахьҭагылаз илаԥш сыҵашәеит, дааин ихала саашьҭыхит. Усҟан ауп Хо Ши Мин инапаҟны сыкны иҟоу афотосахьагьы аныҟаҵаз. Анаҩс 1974 шықәса еиҭа Аԥсны иааны иҟан Вьетнамынтәи аделегациа. Усҟан дара адырра ҟарҵеит рхада инапаҿы иикыз ахәыҷы дырбар шырҭаху. Аделегациа ҳамҭас исырҭеит Вьетнами Америкеи ирыбжьаз аибашьраан иҭахаз арратә ҳаирплан аҟәырҷаха ала иҟаҵаз амацәаз", - ҳәа лгәалалыршәоит Ҭаркьылԥҳа.

Залита лажәақәа рыла, Дәрыԥшь рыҩнаҭа еснагь асас дахьцәа рҭаауан.

"Сабду иҩнаҭа ачеиџьыка ацын. Усҟан атәым ҳәынҭқаррақәеи, Москвеи рҟынтә иаауаз асасцәа зегьы уахь инаргон. Сангьы сандугьы иаразнак ахәыҟаҵара иалагон. Ҳара ахәыҷқәа ҳхаҿы инхеит ҳаҩнаҭаҿы лассы-лассы асас дахьцәа ҳаман. Сабду игәараҭа даара ҳазгәдууп", - ҳәа лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0