Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба: ҳгәыӷуеит Галаа Қырҭҭәылаҟа акәымкәа Аҟәаҟәа иаҳа еиӷьны иԥшуа иалагап ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукГал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны агәыӷра ааирԥшит араион ауааԥсыра хара имгакәа Қырҭтәылаҟа акәымкәа Аҟәаҟәа иаҳа еиӷьны иԥшуа иалагап ҳәа.
Ҵәыџьба: агәыӷра ыҟоуп Галаа Қырҭҭәылаҟа акәымкәа Аҟәаҟәа иаҳа еиӷьны иԥшуа иалагап ҳәа

Иахьа Гал ақалақь 87 шықәса ахыҵра азгәарҭеит араион аҟны.

"Гал араион аҟны инагӡоу аусқәа даара аҵакы ӷәӷәа рымоуп. Иахьа араҟа имҩаԥаагоит Мырзаҟанаа ахԥатәи реизара ду. Аамҭа цәгьақәа раан ақырҭцәа зыжәлақәа рыԥсахыз аԥсуаа, иахьа рхылҵшьҭрақәа хатә гәаԥхарала рыжәлақәа дыргьежьуеит. Ақалақь амш аҽны ақыҭауаа раарыхра рҭииртә аҭагылазаашьа рзаԥҵан. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы апты ааха ӷәӷәа ҳнаҭахьан, сынтәа аиҳабыра рыцхыраарала 80 процент араса аҽаҩра еиқәырхоуп. Иахьа 80 мааҭ ҳәа акьыла аҭиира иаҿуп. Сгәы иаанагоит уаҵәы уаҵәашьҭахь Гал араион ауааԥсыра Қырҭтәылаҟа акәымкәа Аҟәаҟәа иаҳа еиӷьны иԥшуа  аҭагылазаашьа ҟалап ҳәа", - азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0