"Шьҭа еилкааны иҳамоуп Ҭырқәтәыла ишаартхо афбатәи алхырҭатә ҭыԥ. Иахьатәи аамҭазы акомиссиа асиақәа реиқәыршәара иаҿуп. Амза 24-нӡа ишьҭтәуп Аԥсныҟа. Алхарақәа рымҩаԥгаразы аԥышәа ҳамоуп. 2014 шықәса рзы Сҭампыл ԥырхага ҳаман, сынтәагьы уи ҳазыхиоуп. Уи имарианы ицо усуп ҳәа ҳаҟам, ақәԥара ҳазыхиоуп. Алхарқәа рышьҭахь нанҳәа 26 рыҽны, Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш ныҳәа ду мҩаԥгахоит. Убри инадҳәаланы алхрақәагьы шәаҳәарыла, кәашарыла имҩаԥаагарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак иҳәеит ҳаԥхьаҟа алхырҭатә ҭыԥ даҽа ҭыԥк аҿы иаартызарц агәаҳәара шыҟоу.
"Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аартра маншәалӡам, ара ауаа рацәа ыҟоуп, анеира-ааира маншәалаӡам. Ҳара азин ҳауп ҳәа сгәы иаанагоит ҳаԥхьаҟа Елар ақыҭан алхырҭатә ҭыԥ аартра, избанзар 64 ԥсыуа қыҭа инареиҳаны уа ааигәа иҟоуп, адернеқь ашҭа ҭбааҭыцәӡа иамоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҩбатәи аетап: алхратә комиссиа аусурақәа ирыцнаҵоит
-
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи