Sputnik аҟны Аԥснынтәи аконцлагерқәа рҿы иҭахаз рышәҟәқәа рҭаацәа ирырҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнонс пресс-конференции
Анонс пресс-конференции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26 асааҭ 11:30 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит апресс-конференциа "Ахьӡ архынҳәра: анацистцәа рконцентрациатә лагерқәа рҿы иҭахаз рыхьыӡ ҿыцқәа ".

Апресс-конференциа иалахәуп:

• Апроект "Ахьӡ архынҳәра" анапхгаҩы Григори Скворцов;

• Аԥсны атәылахьчара аминистрра Аҟәатәи иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы Алхас Жьиба.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы Аԥсны атәылауаа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи рнапаҿы ирырҭоит дара рлахьынҵақәа ртәы разҳәо ашәҟәқәа.

Аԥсны атәылауаа: Кансузиан Мкртыч, Малхасиан Гурген, Аланиа Александр, Тыкнеджиан Агоп, Арзуманиан Сергеи, Чепниан Ефрем, Чурбукриан Аванес анемец нацистцәа еиҿыркааз аконцлагерқәа рҿы иҭахеит.

Аԥсны атәылахьчара аминистрра Аҟәатәи иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа иҭахаз рҭаацәа ирырҭоит иҭахаз ирыдҳәалоу ашәҟәқәа, архивтә материалқәа.

Ауаажәларратә аԥшьгамҭа "Ахьӡ архынҳәра" азукп Аԥсны, ИАР атәылақәа рҟынтәи анемец фашистцәа ирытҟәаны иҭахаз ргәалашәара, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи урҭ рхабар аилкаараҿы рыцхыраара.

Аибашьра ду аан атҟәара рхыргеит ф-миллионҩыуаак Ар ҟаԥшь асолдаҭцәеи аофицарцәеи. Урҭ рҟынтәи 800 000-ҩык 1945 шықәса рзы рхы ианақәиҭыртә ашьҭахь Мраҭашәаратәи европа иаанхеит. Хә-миллионҩык рҟынӡа ҭахеит абарҭ алагерқәа рҿы. Урҭ ирылан Аԥсны атәылауаагьы. Асовет еиҳабыра рыӡыбрала усҟантәи аамҭазы атҟәацәа рлахьынҵа дырзомызт, ирмаӡан, даргьы "хабарда ибжьаӡыз" ирыҵаркын.

Аԥшьгамҭа иахықәкуп аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргылара.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0