Урыстәыла "Ан лмал" ҿҳәарадартәырц ажәалагала ҟаҵоуп

© Sputnik / Александр Поляков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраани ахәыҷи
ани ахәыҷи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аџьа аминистрраҿы иазырыԥхьаӡоит "Ан лмал" иазырхо апрограмма аҿҳәара ԥктәым ҳәа. Абри атәы ааицҳауеит аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Вовченко.

АҞӘА, ԥхынгәы 25– Sputnik. Урыстәыла Аџьа аминистрраҿы иазырыԥхьаӡоит "Ан лмал" иазырхо апрограмма аҿҳәара ԥктәым ҳәа.

Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Вовченко РИА Новостиаинтервиу аҭо аҳәамҭа ҟаиҵеит амал аамҭа-аамҭала аиндексациа азулахарц, аҿҳәарагьы ԥкыдахарц.

Уаанӡа Урыстәыла Афедерациа ахеилак аиҳабы Валентина Матвиенко аҳәамҭа ҟалҵахьан апрограмма 2025 шықәсанӡа иацырҵап ҳәа дышгәыӷуа.

Урыстәыла атәылауаа рзы аҩбатәии ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рзы ашәарақәа 2021 шықәса рҟынӡа иазыԥхьагәаҭан. "Ан лмал" ахышәа-ҵышәа иахьазы 453 000 мааҭ артәоит.

Арҭ аԥарақәа ахрархәара ҟалоит: анхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы, ахәыҷқәа рҵаразы, ан лтәанчахә азы. Амал аныхра алмыршахарц аҭаацәа асертификат ахархәара азин рымам.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0